АҞӘА, нанҳәа 17 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" аԥҵара аԥшьгахеит ауаажәларра рыбжьара иҟоу аиҟәшареи иугәамԥхаша анегативтә процессқәа рыҟазаареи раанкылара хықәкыс иҟаҵаны — иҳәеит нанҳәа 16 рзы Аҟәа имҩаԥысыз апылараҟны аиҿкаара анапхгаҩы Беслан Ешба.
"Ҳара иҳагәҭакуп зегьы иргәалаҳаршәарц, ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра акыр шықәса ҳажәлар хшаҭарада имҩаԥыргоз ақәԥара иалҵшәаны ишыҟоу. Шьала ишыкәабоу. Ауаажәларра рҟны аиҟәшара еиҳа-еиҳа иазҳауеит асеиԥштәи аҭагылазаашьаҟны атәыла арҿиара аӡәгьы илшап ҳәа сыҟам", — иҳәеит Ешба.
Иқәгылараҟны ареспубликатә партиа анапхгаҩы Беслан Ешба иазгәеиҭеит Аԥсны ауааԥсыра рынхашьатә ҩаӡара еизҳауам, ауааԥсыра усурала реиқәыршәара мҩаԥысуам, аинвестициақәа раара ҳныԥшуам, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа ракәзар рҭагылазаашьа акырӡа еӷьындаз угәахәуа иҟоуп ҳәа.
"Ҳара зегьы ибзианы еицаадыруеит Аԥсны уаанӡатәи аиҳабырақәа заҟа рылдыршаз Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызаразы, заҟа еиқәшаҳаҭра напы рыҵаҩу. Аха урҭ зегьы уаанӡа асеиԥш аемоциақәа рыцны иҟамызт. Сара уаанӡагьы исҳәон аҭакзыԥхықәу амаҵзурауаа апрофессионалтә ҩаӡара аҭаны имҩаԥыргалар шакәу аиҿцәажәарақәа, адокументқәа аус рыдулара, иқәныҟәалар шакәу атәыла азакәан хада – Аконституциа. Ауаажәларра иеилкаам, ихыбжа-ҿыбжоу аӡбрақәа рыларҵәара зынӡаск ишьаҭадоуп. Угәы иаанагар ауеит политикцәақәак рзы Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа хра аманы ирбом ҳәа, урҭ аҽа стратегиатә партниорк дрымоуп ҳәа. Ас уаҳа иауам", — иҳәеит ареспубликатә еиҿкаара анапхгаҩы.
Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" еиҿкаан 2015 шықәса рашәарамза 30 рзы, напхгара аиҭоит Беслан Ешба. Иазыԥхьагәаҭоуп аиҿкаара ахаҭарнакрақәа хәба араионқәа рҟны раартра. Ауаажәларра рыдагьы аиҿкаара иалахәуп Жәлар Реизара адепутатцәа хәҩык.