ГАГРА, нанҳәа 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. 60-ҩык аԥкьаҭ асцәа қәыԥшцәа еиԥылоит Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҟны. Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥҟьаҭ асразы есышықәсатәи жәларбжьаратәи атурнир еиҿкаауп Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилаки рымчала.
Атурнир аартра иалахәын Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба, Аԥсны аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба, аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа, абҩарҵәыреи аспорти рза аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба.
"Сара агәра шәсыргоит ари атурнир аҩаӡара ҳаракы аманы ишымҩаԥысуа, уи ҷыдала ҳҽазыҟаҳҵеит. Ҳара ҳзы ари аусмҩаԥгатә аҵак ду амоуп, избанзар Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихь анаунагӡатәра иахьӡынҩылоуп. Иара Аԥсны џьынџьтәылатә еибашьраан хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан. 2014 шықәсазы, Аҟәа ақалакь Ахьӡ-аԥша апарк аҟны анышә иамадоу аибашьцәа рхаҭара анышьақәдыргылоз, еилкаахеит Арзамеҭгьы уа дышрылаз. Иара иеиԥш иҟоу Афырхаҵәа ирыбзоурахеит ҳара иҳауз аҭынч ԥсҭазаара. Сыхьӡала атурнир алахәцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аманшәалареи ақәҿиарақәеи", — иҳәеит аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа.
Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба ари аспорттә еицлабра лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп. Избанзар лыҷкәынгьы аамҭала аԥкьаҭ дасуан, алҵшәа бзиақәагьы ааирԥшуан. Аспорт азҟаза акандидат ҳәагьы ахьӡ иман.
"Атурнир Гагра иахьымҩаԥысуа сара сзы аҵак ду амоуп. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, сыҷкәынцәа аҩыџьагьы Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәын. Зыҷкәынцәа аибашьраҿы иҭахаз анацәа рзы ихадароуп рыхшара баша иахьҭамхаз. Агәра згоит, Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа зегьы наунагӡа ажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит ҳәа", — азгәалҭеит Гәыли Кьычба.
Атурнир иалахәуп 60-ҩык аспортсменцәа, урҭ рахьтә 27-ҩык Аԥснытәи аԥҟьаҭ асратә секциақәа рааӡамҭацәа роуп.
"Сара ҩышықәса ҵуеит Гагратәи аԥҟьаҭ асратә секциа салоуижьҭеи. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны Урыстәылантәа иааз аспортсменцәеи ҳареи аԥышәа еимаҳдоит, аспорт ахь иҳамоу абаҩхатәра ҳарҿиоит. Сгәаанагарала аиааира акәым ихадоу, алахәра ауп", — ҳәа ҳаилиркааит аԥкьаҭ асыҩ қәыԥш Ераст Агрба.
Атурнир алахәцәа иара убас ирыдиныҳәалеит Аԥсны аԥыза-аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Шамиль Аӡынба.
"Есышықәса ари атурнир аҳәаақәа рыҽдырҭбаауеит. Даара игәахәара дууп аԥҟьаҭтә спорт ҳтәылаҟны еиҵагыло аҿар рыбжьара аԥыжәара ахьамоу. Ҳара ҳашьа, Арзамеҭ Ҭарбагьы иалшон аспорт аҟны ихьӡ акыр инеир, аха аибашьра арԥыс иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит. Шәареи ҳареи ахаангьы иаҳхашҭыр ҟалом аҭынч ԥсҭазаара ҳзаазгаз аҵеицәа. Шәарҭ изызҳауа аҿар аспортсменхара адагьы шәуаҩ бзиахароуп иҳацәҭахаз Арзамеҭ Ҭарба иеиԥш", — иҳәеит Шамиль Аӡынба.
Арзамеҭ Ҭарба ихь зху аԥкьаҭ асразы жәларбжьаратәи атурнир ахыԥхьаӡалоуп Урыстәылатәи аԥҟьаҭ асратә тур. Ари аусмҩаԥгатә абзоурала аԥсуа спортсменцәа рыхԥша иацлоит.
Атурнир алахәцәа еихшахоит рықәратә гәыԥқәа рыла, ахәмаррақәа мҩаԥыслоит хәҭа-хәҭала.