Аҟәа дшьын абизнесуаҩ Витали Асланӡиа

© Sputnik Томас ТхайцукМашина МВД на месте убийства В. Асландзия
Машина МВД на месте убийства В. Асландзия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭала, зхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩы дызлахысыз Калашников иавтомат 7,62 ауп.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ишьақәнарӷәӷәеит абизнесуаҩ Витали Асланӡиа дшыршьыз.

Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭахь нанҳәа 18, 20:35 сааҭ рзы аҭел иасны адырра ҟарҵеит Ешба имҩаҟны автомашьына "Мерседес-спринтер" ишаехсыз азы.

Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә гәыԥ ахҭыс ахьыҟалаз ахь инеиит, иагьышьақәнарӷәӷәеит Аҟәа ақалақь аҟны инхоз Асланӡиа Витали Сандро-иԥа (1961 шықәсазы ииз) иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

"Зхаҭара шьақәыргылам ацәгьауаҩы дызлахысыз Калашников иавтомат 7,62 ауп. Аҭыԥ аҟны аус руеит аекспертцәа ргәыԥ", — аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҟны.

© Sputnik Томас ТхайцукМашина МВД на месте убийства В. Асландзия
Машина МВД на месте убийства В. Асландзия - Sputnik Аҧсны
1/2
Машина МВД на месте убийства В. Асландзия
© Sputnik Томас ТхайцукМашина МВД на месте убийства Виталия Асландзия
Машина МВД на месте убийства Виталия Асландзия - Sputnik Аҧсны
2/2
Машина МВД на месте убийства Виталия Асландзия
1/2
Машина МВД на месте убийства В. Асландзия
2/2
Машина МВД на месте убийства Виталия Асландзия
Ажәабжьқәа зегьы
0