Тҟәарчал араион ахада: аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара - ихадароу проблемоуп

© Sputnik Томас ТхайцукГлава администрации Ткуарчалского р-на Аида Чачхалия
Глава администрации Ткуарчалского р-на Аида Чачхалия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа иазгәалҭеит араион апроблема хадақәа, ахашаҽны имҩаԥысуаз араион актив реизараҟны.

ТҞӘАРЧАЛ, нанҳәа 19 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Тҟәарчал араион ахашәала, сынтәатәи ашықәс актәи азыбжазы иартәеит 124%, лҳәеит Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа, ахашаҽны нанҳәа 19 рзы имҩаԥысуаз араион актив реизараҟны.

Лара лажәақәа рыла, абиуџьет шьҭыҵит афирма "Тҟәарчал-уголь" иамаз ауал ахәҭак ахьашәаз инадҳәаланы. Иаанханы иҟоу ауал наӡоит 16 миллион мааҭ ҳәа азгәалҭеит Чачхалиаԥҳа.

Аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара иреиҳау проблемоуп иахьазы ҳәа азгәалҭеит лара.

"Иахьа, еиуеиԥшым аобиектқәа рҟны аусурақәа анхыркәшо, иҿыцу аобиектқәа рҟны аусурақәа ахьымцо азы аргыларақәа рҟны аус зуаз усурҭада иаанхеит. Урҭ рҟынтәи аӡәырҩы рулафахәы рмоуц", — лҳәеит лара.

Лара лажәақәа рыла ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит. Уаанӡа ақалақь зегьы аҟны ԥссаҩык дыҟамызҭгьы, иахьа урҭ жәҩык ыҟоуп ҳәа азгәалҭеит араион ахада.

Чачхалиаԥҳа иара убасгьы дазааҭгылеит аҭыԥантәи анхара коммуналтә нхамҩа ишзалымшо атехникатә персонал амазаара.

"Анхара коммуналтә нхамҩа аҿаԥхьа ауааԥсыра руал з-миллионк инаӡоит. Цхыраагӡак аҳасабала аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи есымза 350 000 мааҭ Анхара коммуналтә нхамҩахь иахаҳаԥхьаӡалоит", — лҳәеит лара.

Тҟәарчал араион ахада иара убасгьы аҭак ҟалҵеит абиуџьет усхк аусуҩцәа рулафахәы ацҵара азы.

"Арҵаҩцәеи амедицинатә узуҩцәеи аԥарацҵа макьана ироуам, аха иара рыԥхьаӡоит ажьырныҳәа акы инаркны. Егьырҭ абиуџьет усхк аусуҩцәа зегьы аԥарацҵа роуеит", — азгәалҭеит лара.

Лара лажәақәа рыла, арҵаҩцәеи амедицинатә усзуҩцәеи рулафахәы роуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи. Уи иахьазы 42 миллион мааҭ инаӡоит. Егьырҭ абиуџьет категориақәа русуҩцәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи ауп аулафахәы шроуа, уи аныхрақәа есымза идыртәоит миллионки бжаки мааҭ лҳәеит Чачхалиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0