Асабша - усуратә мшуп

CC0 / / Амзар
Амзар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара асабша, нанҳәа 22 усуратә мшны ирыларҳәоит.

АҞӘА, нанҳәа 19 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Нанҳәамза аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Аԥсны ауааԥсыра хәымш аԥсшьара роуеит (амза 26 инаркны 30-нӡа) ҳәа аҳәоит Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара.

"Аусуратә мшы, нанҳәа 27 ииагоуп нанҳәа 22 ахь. Асабша, нанҳәа 22 усуратә мшны ишьақәырӷәӷәоуп, аԥшьаша, нанҳәа 27 — ԥсшьарамшны", — ҳәа арбоуп Ақәҵараҟны.

Нанҳәа 26 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ареспублика ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара Амш. Нанҳәа 28 рзы аԥсуаа иазгәарҭоит Нанҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0