Арнауҭ: ҳара зегьы идҳарбеит ҳаҩқәа европатәиқәа ирындаҭлар шрылшо

© Sputnik Томас ТхайцукДаур Арнаут.
Даур Арнаут. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәеи аинвестициатә политикеи рыҟәша аиҳабы Даур Арнауҭ ахҳәаа ҟаиҵеит аԥсуа ҩқәа урыстәылатәи аџьармыкьаҟны аԥыжәара ироуз.

АҞӘА, нанҳәа 20 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аалыҵ зегьы аекспорт иазырхоуп, уи ареспублика ахашәала азаанагоит, аекономикагьы ишьахәны ианыԥшуеит иҳәеит Аԥсны аекономика аминистрра адәныҟаполитикатә еимадарақәеи аинвестициатә политикеи рыҟәша аиҳабы Даур Арнауҭ.

Иара иажәақәа рыла, аԥсуа ҩы-аалыҵ атәымҳәынҭқарратә џьармыкьақәа рҟны, аиҳарак урыстәылатәи, ицәыргазар, атәыла аҳаҭыри ахьӡи ирыцхраауеит.

"Ҳара зегьы идҳарбеит ҳаҩқәа европатәиқәа ирындаҭлар шрылшо", — иҳәеит иара.

Аекономика аминистрра аусзуҩ иазгәеиҭеит Урыстәыла аԥыжәара шрымаз Испаниа, Италиа, Франциа иҭрыжьуа аҩқәа.

"Раԥхьаӡа акәны, аԥсуа ҩқәа аимпорт аганахьала аԥшьбатәи аҭыԥ ааныркылеит. 2015 шықәса актәи азыбжазы Урыстәылаҟа ишьҭын 7,7 миллион литра аҩы", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Арнаут инаҵшьны иазгәеиҭеит иара убасгьы Урыстәыла аекспорт зызуу аҩқәа рыбжьара аԥсуа ҩқәа реизҳарала актәи аҭып ааныркылеит ҳәа.

"Аимпорт аизҳарала атәылақәа жәаба аԥыжәара рыман иҟан. Сынтәа, аҩы аекспорт аизҳараз арекорд шьақәзыргылаз акәхеит Аԥсны. Ҳәарада егьырҭ атәылақәагьы рыҩқәа Урыстәылаҟа иаарышьҭуеит аха сынтәа урҭ рекспорт 40 процент рҟынӡа илаҟәит", — иҳәеит Арнаут.

"Европатәи атәылақәа евро иадҳәалоуп, аҩы аимпорт акаҳарагьы абри иалахәуп. Аԥсны аганахь акәзар, ахә еиҳахоит аха уи ишьақәнартәо 10-15 процент роуп. Уи рацәак идуум" азгәеиҭеит Даур Арнаут.

Аҳәынҭқарратә стандарт аҩы ахаҭабзиара ахылаԥшра ахахьы иагоит

Иара иажәақәа рыла урыстәылатәи аҭирҭақәа рҟны ԥаҭлыкак аԥсуа ҩы 400 мааҭ рҟынӡа иаԥсоуп.

Иара убасгьы иҳәеит изызҳауа аҩы аекспорт аԥсуа ӡахәааӡаҩцәа иҿыцу аӡахәаҭрақәа реиҵыхрахь ихьанарԥшуеит ҳәа.

Афедералтә ҳазалхратә маҵзура ишаанацҳауа ала Урыстәыла 2015 шықәа актәи азыбжазы аимпорт ҵыԥхтәи ашықәс аимпорт иадукылозар 38,5% рҟынӡа еиҵахеит. Амзыз хада – ауааԥсыра рхашәалақәа реиҵахареи амааҭ адевальвациа аиуреи роуп.

Акыр еиҵахеит Испаниа —12,6 миллион литр рҟынӡа, Италиа – 10,9 миллион литр рҟынӡа, Франциа – 10 миллион литр рҟынӡа рыҩқәа Урыстәылаҟа раагара.

Иреиҳаӡоу атәыла-импортиорцәа рыбжьара аизҳара азырбаз Аԥсны заҵәыкоуп – 7,7 миллион литра аҩы Урыстәылаҟа инашьҭын.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны, Италиеи, Испаниеи, Франциеи рышьҭахь аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылеит ҩытә-импортиорк аҳасабала. Уаанӡа иара иаԥысуан Чили, Украина, Молдавиа, Болгариа, ҵыԥх – Қырҭтәылагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0