Шәача имҩаԥысит КВН аушьҭымҭацәа реиԥылара

© Sputnik Илона ХварцкияШәача имҩаԥысит КВН аушьҭымҭацәа реиԥылара
Шәача имҩаԥысит КВН аушьҭымҭацәа реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алахҿыхцәеи ақьачақьцәеи рыклуб аушьҭымҭацәа реиԥылара мҩаԥысит Шәача ақалақь аҟны.

ШӘАЧА, нанҳәа 25 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ашәахьа, нанҳәа 25 рзы Алахҿыхцәеи ақьачақьцәеи рыклуб аушьҭымҭацәа реиԥылара Шәача имҩаԥысит. Фрунзе ихьӡ зху апарк аԥхынтә театр асценахь иааит сынтәа зиубилеи азгәазҭо КВН акомандақәа: РУДН, "Утомленные солнцем", "Максимум"иара убас "Нарты из Абхазии".

Абар, 55 шықәса ирықәуп КВН ахәаԥшцәа шаршанхац иаршанхоижьҭеи, ҳәа азгәеиҭеит КВН апрезидент Александр Маслиаков ахәмарра алагамҭазы.

"Изныкымкәа исаҳахьан – КВН школак еиԥшуп ҳәа. Ҳхәыцын, ҳаргьы иҳаӡбеит аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз еиҿаҳкаарц. Ҳара ҳхәыцуанаҵы командақәак 15 шықәса рхыҵра ааҳадгылеит. Абас ауп ари апроект шеиҿкаахаз", — иҳәеит Маслиаков.

Аԥснытәи акоманда акапитан Ҭимур Ҭаниа Sputnik акорреспондент аинтервиу лыҭауа ишазгәеиҭаз ала, Аԥснытәи акоманда КВН ахәмаррақәа ирыламхәхеижьҭеи хәышықәса ирықәуп.

"Ҳара ҳашьҭхьҟа, иацтәи амш ахь ҳхынҳәит. Акыршықәса ҳахьымыхәмарцыз, ҳәарада, иаҳныԥшит, аха ҳҽеизаагеит. Иҳалҳаршеит ишахәҭаз еиԥш ақәгылара", — иҳәеит Ҭаниа.

КВН аушьҭымҭацәа реиԥылара — ари ажәытә еиҩызцәа реиԥылароуп ҳәа азгәеиҭеит РУДН акоманда акапитан Сангаджи Тарбаев.

"Аҽазыҟаҵарақәа ҳамчқәа зегьы ргеит, аха убри аан агәаҳәара дугьы ҳаман, избанзар акырҵуан асценахь ҳамцәырҵижьҭеи. Ҳкомандақәа рыбжьара еицлабра ыҟамызт, иҟаз ахәмарра акәын", — азгәеиҭеит Тарбаев.

Ахәаԥшцәа идырбан итрадициахахьоу аиндаҭларақәа: "аиԥылара", "амузыкатә ҩныҟатә дҵа" уҳәа иреиԥшқәаз. Уи адагьы ахәмарра иалагалан аиндаҭлара ҿыц "ремеик", уи иалнаршон акомандақәа уаанӡатәи рномерқәа руак аиҭарбара.

Алхас Қаџьаиа: КВН адунеи снарбеит

2005 шықәсазтәи Иреиҳаӡоу алига ачемпионцәа "Аԥснытәи Нарҭаа" ахәаԥшыҩцәа иеиҭаддырбеит аԥҳәыс лхаҵа Акосмас ахь иԥырра аномер.

Ажиури иазгәарҭеит акоманда "Максимум" ақәгылара, ирҳәеит аурыс жәабжьҳәаҩцәа ирызку аномер КВН аклассикатә номерқәа ирхыԥхьаӡалатәуп ҳәа.

Иара уи акомандоуп аушьҭымҭацәа Рыхраҿа занашьахазгьы.

Томсктәи акоманда алахәыла Константин Маласаев ахәмарра ашьҭахь иаҳзеиҭеиҳәон:

"Ахәмаррақәа даара ибзиан, аемоциақәа ҳаракӡан. Еизаз зегьы еиҩызцәаз ҳауп. Аԥсуааи ҳареи Премьер-лига аҟны ҳаицалагеит. Зегь рбара даара сеигәырӷьеит", — иҳәеит Маласаев.

КВН акомандақәа роушьҭымҭацәа реиԥылара-хәмарра мҩаԥысит Шәача ақалақь аҟны КВН амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны.

© Sputnik Илона ХварцкияКВН. Встреча выпускников.
КВН. Встреча выпускников. - Sputnik Аҧсны
1/4
КВН. Встреча выпускников.
© Sputnik Илона ХварцкияКВН. Встреча выпускников.
2/4
КВН. Встреча выпускников.
© Sputnik Илона ХварцкияКВН. Встреча выпускников.
3/4
КВН. Встреча выпускников.
© Sputnik Илона ХварцкияКВН. Встреча выпускников.
4/4
КВН. Встреча выпускников.
1/4
КВН. Встреча выпускников.
2/4
КВН. Встреча выпускников.
3/4
КВН. Встреча выпускников.
4/4
КВН. Встреча выпускников.
Ажәабжьқәа зегьы
0