Ацхыраагӡатә школ ахәыҷқәа 13-ҩык рзы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит

© Sputnik Астанда АрдзинбаУченики вспомогательной школы.
Ученики вспомогательной школы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҟны имҩаԥысит Адыррақәа рымш аныҳәа.

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Ацхыраагӡатә школ актәи акласс ахәыҷқәа 13-ҩык рзы раԥхьатәи аҵәҵәабжьы.

Ашкол аҟны аҵарашықәс алагара иазыхиоуп, аклассқәа материал-техникала еиқәыршәоуп ҳәа ҳкорреспондент аинтервиу лылҭеит ашкол адиректор Викториа Ҭаркьылԥҳа.

"Аҭагылазаашьақәа зегьы маншәалоуп, аматериал-техникатә база акәзар, ишахәҭоу иҟоуп. Ҳашкол аҟны аус зуа арҵаҩцәа зегьы зыҩаӡара ҳараку рҵаҩцәоуп. Аколлектив даара ибзиоуп. Ахәыҷқәа рзы ашкол ҭаацәараны иҟоуп. Ҳара ԥсҭазаарак еицаҳхаагоит – арҭ ажәақәагьы баша иҳәам, иҽырԥшӡагам", — лҳәеит Ҭаркьылԥҳа.

Аԥҟарақәа инарықәыршәаны, класск аҟны аҵаҩцәа 15-ҩык иреиҳамзароуп. Ахәыҷқәа араҟа аҵара ддырҵоит апрограмма ҷыда ала.

"Ҳашкол аҟны иҟам физика, химиа иреиԥшқәоу амаҭәарқәа, аха иҟоуп асоциалтә адаптациа. Уи иалнаршоит ахәыҷқәа рхала рхы амаҵ руртә рыҟаҵара. Ахәыҷқәа гәаҳәарыла еиуеиԥшым акружокқәа рахь иныҟәоит. Урҭ хәба ыҟоуп: асахьаҭыхра, атеатр-сценатә кружок, аԥсуеи аурыс бызшәеи рыкружок иара убасгьы аӡахра, аԥара, афатәҟаҵара ахьыддырҵо акружок", — еиҭалҳәон адиректор.

Ахәыҷқәа аҵарашықәс ҿыц рыдырныҳәаларц арахь имҩахыҵит агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов, Аҟәа ақалақь аҵара Аусбарҭа азанааҭуаҩ хада Аза Кәарҷиаԥҳа.

"Аиҳабыратә абиԥара аԥсадгьыл ахьчаразы рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵаны иалдыршеит иахьатәи ахәыҷқәа аҵара рҵаларц, игәырӷьаларц. Аиҳабацәа иҳарҭаз хьчалатәуп", — иҳәеит Гоов.

Аза Кәарҷиаԥҳа лажәақәа рыла Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ арҵаҩратә еилазаара иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло профессионалцәоуп.

"Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ арҵаҩратә еилазаара иҷыдоу ахәыҷқәа аус рыдызуло профессионалцәоуп. Аха арҵаҩцәа ирывагылароуп аҭаацәагьы. Сара ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ачҳара", — лҳәеит Кәарҷиаԥҳа.

Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов иҳәеит ашкол амедицинатә кабинет иаҭахны иҟоу зегь рыла ишеиқәыршәахо.

2014 шықәса жәабранмзазы ашкол акапиталтә ремонт хыркәшахеит. Ашкол ьажәытә корпус еиҭарҿыцын, иҿыцны иргылан азал хадеи афатәҟаҵарҭеи. Ашкол аҟны адәахьтәи апандусқәа рыдагьы аҩныҵҟагьы иҟоуп аколиаскақәа рхагалагақәа.

Иахьазы араҟа аҵара рҵоит 120-ҩык аҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0