АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьаҭаркра 25-шықәса ахыҵра атәыла Ахада Евгении Шевчук идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.
"Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра азгәаҭо иуҳәар улшоит, иахьа Приднестровие ҳәынҭқаррак аҳасабала ахықәкы хада, адунеи атәылақәа зегьы ганрацәала рымадарахь, амҩа иаша иануп ҳәа", — аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иара убасгьы иарбоуп Аԥсни Приднестровиеи рыбжьара ганрацәала, аполитикатәи, ахәаахәҭра-економикатәи, анаука-ҵаратәи, акультура-гуманитартәи усхкқәа рҟны реизыҟазаашьақәа аҿиара ишаҿу.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит ажәларқәа рыҩбагьы рыбжьара аиҩызара арӷәӷәара аус ишазырхахо Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи Аԥсни рыбжьара иҟоу аимадарақәа.