Аԥсни Чечентәылеи рааглыхратә Палатақәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik Роберт ДжопуаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Геннади Гагәлиа иазиԥхьаӡоит Аԥсни Чечентәылеи Рыхәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономика аҿиара иацхраауеит ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсни Чечентәылеи Рыхәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аԥшьаша, цәыббра 3 рзы.

Чечентәыла Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Нурбек Адаев иазгәеиҭеит ԥхьаҟатәи аусуразы иаԥҵатәны ишыҟоу аусутә Хеилак.

"Ԥхьаҟатәи шьаҿаны иҟалароуп аусутә Хеилак аԥҵара, аиқәшаҳаҭра ақьаад аҟны инмырхакәа аус ауа иҟаларцазы. Ахеилак иалаҵатәуп атуризми ақыҭанхамҩеи рминистррақәа рхаҭарнакцәа", — иҳәеит Адаев.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Геннади Гагәлиа иазиԥхьаӡоит Аԥсни Чечентәылеи Рыхәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ареспублика аекономика аҿиара иацхраауеит ҳәа.

Гагәылиа Нижни Новгород ахь иусутә визит азы: ҳара ҳахь аара иазыхиоуп

"Анагӡаратә мчра иазнархиароуп еиуеиԥшым аинвестициатә жәалагалақәа, ҳара урҭ рынагӡара нап аҳаркуеит. Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ишиҳәаз еиԥш иахьа иазырхиахоит иагьыӡбахоит аинвестициатә проектқәа. Урҭ анышьақәырӷәӷәахалак ашьҭахь ҳара рынагӡара ацхыраара аҳҭоит", — ҳәа азгәеиҭеит Гагәылиа.

Аԥсни Чечентәылеи Рыхәаахәҭра-ааглыхратә Палатақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра азырхоуп ахәаахәҭра-економикатәи анаука-техникатәи еимадарақәа рырҭбаареи иара убасгьы аусура ахырхарҭақәа реизааигәатәреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0