Аԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кипр иаҭааны иҟоуп

© Sputnik Сонер ГогәуаАԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кипр раҭаара
Аԥснытәи аделегациа Аҩадатәи Кипр раҭаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьартәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала, арҭ амшқәа рзы усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иатәу Аҩадатәи Кипр иҟоуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи Аԥсны аҵареи, аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи. Аиԥыларақәа дрылахәуп Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Инар Гыцба.

АҞӘА, цәыббра 8 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аделегациа раҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны цәыббра 7 рзы имҩаԥысит  Аҩадатәи Кипр адгьылбжьахатәи амшын аҟны иҟоу иреиҳау аҵараиурҭа аректор, апрофессор Неџьдеҭ Осами, ҳделегациеи реиԥылара. Ари ауниверситет аҟны Аԥснынтәи ааҩык астудентцәа хәыда-ԥсада аҵара рҵоит. Аректор излаиҳәаз ала, аԥхьаҟа ари ахыԥхьаӡара  аӡә ила еиҳахар алшоит.

Ауниверситет аректор Неџьдеҭ Осами Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи рнапы злакыу аус аганахьала  аинформациақәа еимырдеит. Иара убасгьы, наҟ-наҟ русеицура иазкыз апроектқәа ирылацәажәеит.

"Иахьатәи ҳақәҿиарақәа зегьы зыбзоуроу аҵара ахаҭабзиароуп.  Уигьы зхылҿиааз, атәым ҳәынҭқаррақәа рҟынтә иааҳаԥхьаз аҵарауаа роуп. Убарҭ ирыбзоураны, ҳуниверситетқәа адунеитә аренахь рцәыргара ҳалҳаршеит", – ҳәа азгәеиҭеит аректор Неџьдеҭ Осам.

"Аԥсны иамоу алшарақәа шырацәамгьы, аҵарадырра аҿиара, аихаҳара амҩа иануп. Ҳара атәым ҳәынҭқаррақәа рҿы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу ҳастудентцәа иҷыдоу ахылаԥшра раҳҭоит. Иара убас, Кипр аҵара зҵо аҿар еснагь ҳрызҿлымҳауп, реихьӡарақәа ҳаҳауеит. Рзанааҭ иазҟазацәаны  Аԥсныҟа ишыхынҳәуа агәра ҳгоит. Кипртәи ауниверситетқәа Европатәи асистема рхы иархәаны ԥхьаҟа рцара, ахәшьара ду асҭоит", – иҳәеит Аԥсны аҵареи, аҭцаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба аректор даниацәажәоз.

Аҩ-ганкгьы иазгәарҭеит руниверситетқәа рдокументқәа  аԥхьаҟа азхаҵара азҵаарагьы шышьҭырхуа.

Иара убас, Аҩадатәи Кипр аҵареи акультуреи рминистр Қьемал Дурусҭи  Аԥснытәи аделегациеи еиԥылеит. Русеицурақәа ирызкыз азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.  Адгәыр Какоба, аминистр Аԥсныҟа ааԥхьара ииҭеит. Гәаларшәагас аҳамҭақәагь еимырдеит.

"Кипртәи иреиҳау аҵараиурҭақәа  рсистема даара иааџьоушьаратәы ақәҿиарақәа шаанарԥшыз азгәаҭауа исҳәарц сҭахыуп, ҳара ҳазхазымҵаз аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа, ҳуниверситетқәа рҿы аҵара ахьырҵо ҳара ҳзы ишгәадуроу, егьшиааироу. Араҟа дара ироуеит зеиӷьыҟам аҵарадырра, уи иақәнаго аԥышәа", – ҳәа азгәеиҭеит Қьемал Дурсуҭ Аԥснытәи аделегациа данырԥылоз.

"Аҩадатәи Кипр, аҵарадырра аганахь ала аҿиара мҩа иануп. Ари аҭагылазаашьа, аеканомика аҿиареи, аҳәынҭқарра аӡыргареи рзы шьаҿа дууп ҳәа иԥхьаӡоуп.  Уи ҿырԥш бзиоуп Аԥсны азы. Ҳара ҳҿар аҵара адунеиахь рхы ҳархароуп", – иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа.

Аиԥылара иалахәыз адепутат Меҳмеҭ Чаалар, Аԥсни Кипртәи ауниверситетқәа рыбжьара аусеицура ацхыраара аҭара дшазыхиоу азгәеиҭеит.

Октаи Чкотуа: Ҭырқәтәыла имҩаԥнаго аполитика ауаажәлар ржьара иазкуп

Ас еиԥш хра злоу, аҵакы змоу аминистрцәа реиԥыларақәа реиҿкаара аус иацхрааз Кипртәи апарламент адепутат Меҳмеҭ Чаалари, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи ҷыдала ҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Иара убри аҽны, Кипртәи ахәаахәҭра-ааглыхратә палата  ахада Фиқри Тороси, Аԥснытәи аделегациеи реиԥылара  мҩаԥысит. Аԥснытәи аделегациа, ҳтәыла  асоциал-економикеи, ахәаахәҭреи, аинвестициеи рганахь ала азҵаарақәа ирылацәажәеит.  Ахәҭакахьала,  Сенер Гогәуа, ари ахырхарҭала  инарҭбааны ажәахә ҟаиҵеит. Иазгәаҭан, аԥхьаҟа Кипри Аԥсни аекономика аганахь ала русеицура атәы.

"Зхьыԥшымра азхаҵара адунеи аҿаԥхьа ицәырызгаз ҩ-ҳәынҭқаррак ирымоу апроблемақәеи, азҵаарақәеи рыӡбашьа акырӡа еиԥшуп. Убри инамаданы, ҳусеицура акырӡа аҵанакуеит. Зегь раԥхьа инаргыланы, акультуреи, аҵарадырреи,  аекономикеи  рхырҭақәа рыла аусура ҳалагароуп", – иҳәеит Сенер Гогәуа.

Аԥснытәи аделегациа, Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны иазгәаҭоуп, уа инхо ҳдиаспореи дареи реиԥыларақәа.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьартәи афонд Аԥсны" аԥшьгарала, арҭ амшқәа рзы усуратә визитла  Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иатәу Аҩадатәи Кипр иҟоуп "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуеи Аԥсны аҵареи,  аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какобеи. Аиԥыларақәа дрылахәуп  Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Инар Гыцба.

Ажәабжьқәа зегьы
0