00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳаџьымба: Урыстәылеи ҳареи ҳаиқәшаҳаҭра ду мҽхакы ҭбаала аус аулоит

© Sputnik Томас ТхайцукМитинг в поддержку подписания договора с РФ.
Митинг в поддержку подписания договора с РФ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ахҳәаа азиуит Аиҩызареи астратегиатә еилахәреи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭо аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа.

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аиҩызареи астратегиатә еилахәреи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭо аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩхоит иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ахаша, цәыббра 9 рзы апресс-конференциаҟны.

Атәыла Ахада иажәақәа рыла Аиҩызареи астратегиатә еилахәреи рзы Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭо аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа рганахьала иҟоуп иӡбатәу азҵаарақәа.

"Иҟоуп аҭагылазаашьақәа урыстәылатәи агани ҳареи еицаҳаӡбыша. Уаҵәы, цәыббра 10 рзы, Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны ауснагӡатәқәа мҩаԥгахоит аиқәшаҳаҭрақәа рыдкыларазы", — иҳәеит атәыла Ахада.

Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара Аикәшаҳаҭра ҿыц азы В. Чрыгба игәаанагара

Атәылақәа ҩба рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа рнапы аҵарҩит 2014 шықәса абҵара 24 рзы. 2015 шықәса хәажәкыра 5 рзы, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аиқәшаҳаҭразы аратификациатә шәҟәқәа реимдара ацеремониа анымҩаԥыс ашьҭахь ари адокумент азинмчра аиуит.

Аиқәшаҳаҭра иазыԥхьагәанаҭоит ашәарҭадареи, атәылахьчареи рзеиԥш ҳәааркыра аиҿкаара, иаку акомандаҟаҵара анапаҵаҟа иҟало Аԥсни Урыстәылеи еидҵоу рырратә гәыԥқәа раԥҵарагьы абрахь иналаҵаны.

Аиқәшаҳаҭра иара убасгьы иазырхоуп асоциалтә стандартқәа рышьҭыхра: асоциалтәи амедицинатәи ԥгаԥсеи, атәанчахәытә еиқәыршәареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, агәабзиарахьчареи русзуҩцәа аамҭа-аамҭала рулафахәы Урыстәыла Аладатәи Афедералтә округ аҩаӡараҟынӡа инагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0