Аиашахаҵаратә қьырсианцәа дыргәаладыршәоит Иоанн Аӡаахҩы

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздник Крещения в селе Каман. Фото с места события.
Праздник Крещения в селе Каман. Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 11 рзы ақырсиантә дунеи аҟны дыргәаладыршәоит Иаса Қьырса иаара азыԥхьагәазҭаз Ацқьа Иоанн Аӡаахҩы.

АҞӘА, цәыббра 11 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны ақырсиантә уахәамақәа зегьы рҟны имҩаԥысит ауахәаматә ныҳәарақәа Иоанн Аӡаахҩы ихы ихыхра агәалашәара амш азы. Аиашахаҵаратә уахәама иаҵанакуа ақьырсианцәа рзы ари алахьеиқәҵаратә мшы акәны иҟоуп ҳәа Sputnik аинтервиу аҭауа иҳәеит Аԥснытәи Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы, аиреи Виссарион (Аԥлиа).

"Ауаҩытәыҩса ицәа иалоу аҵашьыцреи аиашамреи Анцәа ииҭаз абзиарақәа зегь хырҩоит. Ирод адунеи аҟны иреиҳау ацәгьоура мҩаԥигеит избанзар Адгьыл аҟны Иоанн Аӡаахҩы иеиҳау уаҩ дыҟамызт азы. Иара дании нахыс аиашара ишьеи-идеи ирҭан. Иара, "Иаса Қьырса адгьыл иаҭааз Ҳанцәа иоуп абри адгьыл аҟны", — ҳәа зҳәоз аҵыхәтәантәи ԥааимбарын", — иҳәеит Аб Виссарион.

Иоанн Аӡаахҩы еснагь аиаша зҳәоз дреиуан иҳәоит аныхамаҵзурауаҩ.

"Иара ус дныҟәон аӡәы иаҽыԥнысҳәандаз ҳәа акәымкәа, амҩа иаша иқәиҵарц, доуҳала ицқьахарц. Иаартны иҳәон ацәгьара шәацәхьаҵ, аҵашьыцреи амцҳәареи шәҽырцәышәыхьча", — ҳәа иҳәоит аиреи Виссарион.

Каман Аӡӡаахра, аҭыԥан иҟаҵоу афотосахьа. - Sputnik Аҧсны
Шәҩык инареиҳаны ақьырсианцәа Каман имҩаԥысуаз аныҳәара рхы аладырхәит

Иоанн Аӡаахҩы аҳәынҭқар Ирод Антипа ауаа зегьы ишраҳауаз, азакәан еилаганы уашьа иԥҳәыс Иродиада дугеит ҳәа ахьиеиҳәаз азы асолдаҭцәа дыкны абахҭа дҭаркит. Аамҭақәак цахьаны Ирод асасцәа дрыԥхьаны аишәа-чара рызирхиеит. Саломиа, Иродиада лыԥҳа, лыкәашарала Ироди асасцәеи убриаҟара ргәы хылхит, Ирод иаабҭахны иҟоу акы сеигӡом, иахьыбҳәо сыҟоуп ҳәа ажәа лыиҭаратәы. Акәашаҩ ҭыԥҳа, лан ишлыҵалҳәахьаз еиԥш даҳәеит Иоанн Аӡаахҩы ихы. Ирод Иоанн ԥааимбарк иҳасабала пату шиқәиҵозгьы иажәа деижьар ԥхеишьеит. Иоанн ихы хсаны Саломиа илиҭеит, ларгьы уи лан илзылгеит.

Аԥсны азы Иоанн ихы ахсара аҵак ҷыда аманы иҟоуп, избанзар Каман иахьаҵанакуа оуп Иоанн ихы ахьыржыз.

Каман иадҳәалоуп иара убасгьы аҽа ҩыџьа ақьырсиан цқьақәа рыхьӡ: абраҟа иԥсҭазаара далҵит Иоанн Ахьыҿаԥыц, абраҟа дыршьит Ацқьа Василиск.

Алегенда инақәыршәаны, Ацқьа Иоанн даныхәыҷыз иҭаацәа ныжьны акаршәрахь нхара ҳәа диасит. Уаҟа уи ачгареи анцәа имҵаныҳәареи дырҿын. Ҽнак зны иара иаҳаит анцәа иажәа ауаа рыгәнаҳақәа рыхгаразы аӡаахра рҭахны иҟоуп ҳәа. Иоанн иажәа ауаа аӡаахрахь рхы археит. Аӡәырҩгьы иара ихаҭа иӡааихит. "Уара уакәымзааит Иаса Қьырса?" анырҳәалак, "Сара аӡыԥшьа шәыхьсыршоит, аха даараны дыҟоуп Зегь зымчу, уи ишьацҳәақәаҵәҟьа рԥыртлара саԥсам сара. Уи доуҳала шәӡааихлоит", — ҳәа аҭак риҭон.

Ажәабжьқәа зегьы
0