Аԥснытәи аделегациа Италиа иаҭааит

© фото: МИД АбхазииДелегация Абхазии прибыла с рабочим визитом в Италию
Делегация Абхазии прибыла с рабочим визитом в Италию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахы аланархәит ақалақь Бари имҩаԥысуаз 79–тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Fieradel Levante аҟны.

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббра жәаҩа рзы Аԥснытәи аделегациа усутә визитла Италиа инеиит.

Ахәаахәҭратә палатеи Аԥсны аколлеџьқәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палатеи хра аманы русеицура иалнаршеит Италиа реиҳа изҭаауа, аҵакы амангьы иршьо ацәыргақәҵаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра астенд аартра. Ари Аԥсназы даара иманшәалоу форматуп, иара иалнаршоит ҳтәыла аӡбахә ауаа рацәа дырдырра", — иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.

Аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ахы аланархәит ақалақь Бари имҩаԥысуаз 79–тәи жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа Fieradel Levante аҟны. Итрадицианы ишышьақәгылахьоу ала, ацәыргақәҵа ааиртит Италиа Аԥыза-министр. Италиа реиҳа изҭаауа, аҵакы амангьы иршьо ацәыргақәҵаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟазаара уаргәырӷьартә иҟоуп.

"Ара ҳаҟазаара иаԥырхагахарц Қырҭтәыла иалшо зегь шыҟанаҵазгьы ацәыргақәҵаҟны ҳаҟоуп, ҳтәыла астенд акәзар аҭааҩцәа рацәаҩны иадгылоит. Иналкааны ҭабуп ҳәа иаҳҳәарц сҭахуп абрахь ҳаараҟны ацхыраара ду ҳазҭаз, Аԥсны аҩыза ду Вито Гриттани", — иҳәеит Кан Ҭаниа.

Аԥсуа делегациа аилазаара иалоуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр иххаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Геннади Гагәылиа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аҟәша аиҳабы Ҭенгьиз Ҭарба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аусзуҩцәа Ииа Габуниаԥҳаи Ҭамила Мерцхәылааԥҳаи.

Ажәабжьқәа зегьы
0