АҞӘА, цәыббра 15 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсуа сахьаҭыхҩы Екатерина Гуськова лҭыхымҭақәа ҩба Санкт-Петербург ицәыргоуп, аҩаша, цәыббра 15 рзы иаатыз, "Автомобиль в искусстве" захьӡу аҟәыргақәҵаҟны.
Ҳкорреспондент данлыҿцәажәоз Екатерина Гуськова иазгәалҭеит ацәыргақәҵа анаука-ҭҵааратә проект "Воображаемый музей Михаила Шемякина" аҳәаақәа ирҭагӡаны Михаил Шемиакин Ифонд ишымҩаԥнаго.
"Лаҵарамзазы еицырдыруа асахьаҭыхҩы Михаил Шемиакин исаит аҟны иҟаҵан алаҳәара "Автомобиль в искусстве" аконкурс амҩаԥгаразы. Аконкурс аҽалархәразы азыҳәа ҟаҵаны сара исышьҭит сусумҭақәа хәба. Шемиакин ихаҭа дызхагылаз акомиссиа иалнахит сусумҭақәа рҟынтәи ҩ-сахьак. Алхра маӡала мҩаԥысуан, асахьақәа равтор ихьӡи дахьатәу атәылеи акомиссиа алахәылацәа рзы имаӡан. Абасала ацәыргақәҵа аартрахь ааԥхьара соуит", — лҳәеит асахьаҭыхҩы.
Екатерина Гуськова лҭыхымҭақәа руак аш аҟны хәшала иҭыхуп. Уа дарбоуп Формула 1 апилот Нико Росберг, Шәачатәи аолимпиатә обиектқәа рыгәҭа. Аҩбатәи аусумҭаҟны дарбоуп апилот Даниел Риккардо. Асахьа ҭыхуп гуашьла.
Екатерина Гуськова далгеит 2000 шықәса рзы Аҟәатәи асахьаҭыхратә училишьче, 2012 шықәса рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет аҟазара аҟәша. Екатерина Гуськова ахәаԥшцәа ирыдылгалахьеит жәаба инареиҳаны ацәыргақәҵақәа. 2015 шықәса хәажәкырамзазы имҩаԥысит афбатәи, хаҭалатәи лцәыргақәҵа "Guskova Ekaterina". Уаҟа иқәыргылан асахьаҭыхҩы быжьшықәса рыҩныҵҟа лнапы иҵылхыз шәкы рҟынӡа усумҭа.