АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Агәамсам еизакырҭа аурнақәа ԥшьба адәыӷбаангыларҭатә станциа "Гәыма" аҟны иқәдыргылеит ахаша, цәыббра 16 рзы, уахыки-ҽнаки ааҵхьаны урҭ рҟынтәи хԥа рышьаҭақәа ыҵжәаны ирӷьычит, ҳәа ҳзеиҭеиҳәеит ақалақь Ахадара акоммуналтә Усбарҭа азанааҭуаҩ Даур Черқьезиа.
Иара иажәақәа рыла, ақалақь Ахадара изныкымкәа ианиахьеит ауааԥсыра иаарџьыумшьартә еиԥш рхымҩаԥгашьа.
"Аурнақәа рыргылара ҳахьӡом. Рыхқәа рхырхуеит, рышьаҭаркыгақәа амырхуеит. Зны-зынла иагьырӷьычуеит. Абасеиԥш ҟалеит мчыбжьқәак раԥхьагьы – адәыӷбаангыларҭа "Гәыма" аҟнеиԥш Ахьӡ-аԥша абаҳча аҟынтәигьы аурна ӷьычны иргеит", — еиҭеиҳәон Черқьезиа.
Иара иажәақәа рыла, ацәгьоуцәа реилкаара уадаҩуп, ари араион аҟны авидеохылаԥшра мҩаԥысуам.
"Исыздырам арҭ ауаа зызхәыцуа. Уқалақь бзиа иубозароуп, уҩнеиԥш уазыҟазароуп. Ақалақь ауааԥсыра зегь рахь аҳәара ҟаҳҵоит – ҭакԥхықәрала, ламысла шәынхала", — ҳәа азгәеиҭеит Черқьезиа.
Абри аҩыза аҭагылазаашьа шыҟоугьы ақалақь аҟны аурна ҿыцқәа рыргылара апроцесс иацҵахоит.