Емиль Оганиан ихәышәтәразы 3 миллионк мааҭ аԥара аҭахуп

© Фото : предоставлено фондом "Ашана"Эмиль Оганян
Эмиль Оганян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" ахаҭарнакцәа ражәақәа рыла, хышықәса зхыҵуа Емиль Оганиан ишьа акьыбачымазара амоуп.

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Хышықәса зхыҵуа Емиль Оганиан ишьа акьыбачымазара амоуп, иара ихәышәтәразы иаҭахны иҟоуп х-миллионк аԥара лҳәеит Афонд "Ашана" аусзуҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

Аҟәатәи аонкологиатә центр аклиникатә потологиеи ахимиотерапиеи рыҟәша аиҳабы Алексеи Шумкин иаҳзеиҭеиҳәеит ахәыҷы ихәышәтәра апроцесс ацара ишаҿу атәы.

"Ахәыҷы ихәышәтәра иаҿуп Ростовтәи аинститут ахәыҷтәы онкологиа аҟәшаҟны. Иахьазы уатәи аҟазацәа ирылшаз рацәоуп уҳәар ауеит. Акызаҵәык рыцҳараны иҟалаз ахәыҷы ихәышәтәразы ихымԥадатәиу хәшәык ицәеижь иаднамкылеит – аллергиа изнарҵысит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Шумкин иажәақәа рыла, ахәыҷы иқәра зламаҷу ала дызлоухәышәтәыша ахәшәхкқәагьы рхыԥхьаӡара рацәам.

"Иахьазы иоур зыхәҭоу ахәшәқәа ак рылухыр – ирылухыр акәхоит иҟоу аҭагылазаашьала – ихәышәтәра нагӡаны имҩаԥысуеит ҳәа узазҳәо иҟалом. Уи иахҟьар ҟалоит уажәазы ихәаҽу ачымазара ахцәыргара ҿыц", — ациҵеит Алексеи Шумкин.

Эмиль Оганян
Эмиль Оганян - Sputnik Аҧсны
Эмиль Оганян

Емиль иҭагылазаашьа атәы далацәажәоит иара ианшьа Ҭемыр Гамгьиа.

"Емиль ахәыҷқәа рыдҳәылара даҟәыҵит. Иҭаацәа рхәыҷы ичымазара уадаҩны ирхыргоит. Кәалаԥк ихәшә 300-нызқь мааҭ иаԥсоуп, арахь иара ихәышәтәра акурс азы иаҭахуп 10 кәалаԥк. Иааидкыланы ахә х-миллион мааҭк рҟынӡа итәоит. Уи аҭаацәа ирылшо иҟам. Агәыӷра сымоуп агәеилысра змоу ауаа рацәахап ҳәа", — иҳәеит Ҭимур Гамгьиа.

Афонд "Ашана" аҟны иҳарҳәеит ахәыҷы ихәышәтәра актәи акурс азы аԥара Аԥсны Агәабзиарахьчара иазоунажьит ҳәа.

"Аҷкәын игәабзиара еиӷьханы, ицәеижь ахала аҽышьақәнаргыло иалагахьаны, ипланыркны идыргалаз ахәшә инымаалеит. Уи аҽакала ирыԥсахит", — лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Эмиль Оганян
Эмиль Оганян - Sputnik Аҧсны
Эмиль Оганян

Афонд ахаҭарнакцәа ахәыҷы иҳақьым иажәақәа рыла ирҳәоит иҭагылазаашьа аиӷьхара ишаҿугьы ианализқәа аамҭа-аамҭала ишеиҭашәо, акрыфара игәамԥхо дшыҟалаз.

"Ахәыҷы деиқәхарц, игәабзиара шьақәтәарц азы ихәышәтәра иацҵалатәуп. Иаанхеит ахԥатәи акурс. Уи азы иҭахуп Урыстәыла иҭаҩым, иагьҭырмыжьуа ахәшә "Ервиназа". Емиль ихәышәтәра акурс азы иаҭахуп 10 кәалаԥк. Иааидкыланы ахә х-миллион мааҭк рҟынӡа итәоит", — ҳәа азгәарҭеит агәыҳалалратә фонд аҟны.

"Ашана" аусзуҩцәа ражәақәа рыла аԥара аизгара ахы аланархәит агәыҳалалратә фонд "Madonna Lily".

Емиль Оганиан ицхырааразы, Аԥсны аҭелтә еимадара абонентцәа афонд "Ашана" абаланс ахь аԥарақәа риагара рылшоит: аҭел аҟны *147* ииажәго аԥара # аҭел асра акнопка. Ииажәгар алшоит 30 мааҭ инаркны 500 мааҭ рҟынӡа мышкы. Мамзаргьы СМС аномер 5050 ахь иаашәышьҭыр шәылшоит — ажәа АГӘЫҲАЛАЛРА ма DOBRO ҳәа арбаны, знык иаашәышьҭыз СМС 20 мааҭ иаԥсоуп. Иара убас абанктә ииагара: "Гарант-банк" ма "Сбербанк" аҟәшақәа рыла аԥара нашәышьҭыр шәылшоит. Ахәыҷқәа шәызларыцхырааша егьырҭ амҩақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит Афонд аҭел 222 50 50 ала мамзаргьы асаит www.ashanakbf.com аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0