Аԥснытәи аҳазалхыҩцәа рхатәы ӷба роуит

© Фото : ГТК Республики АбхазияПередача таможенного судна ГТК РА.
Передача таможенного судна ГТК РА. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашхәа амшын аԥшаҳәа иахьацәыхарам, аӡиақәа рҟны, иара убас аӡеизгарҭақәа рҟны иныҟәоит, амаҵзура-ныҟәаратә, аԥыԥшра-гәаҭаратә напынҵақәа мҩаԥнагоит.

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аҳазалхратә ӷба "Муфлон" Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы иарҭеит Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзура аделегациа. Абри атәы ҳкорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа.

"Аӷба ҳарҭеит цәыббра 16 рзы Аҟәатәи абаӷәазаҟны. Аӷба Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭахеит Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара Ақәҵара (24.03.2015) инақәыршәаны", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ушьангьи Кәыҵниа иажәақәа рыла, аҳазалхратә ӷба ахархәаразы иманшәалоуп аҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа амшынтә ӷбақәа рҟны, амшын аҟны аҳазатә хылаԥшреи атауар аиқәыршәареи раан. Ари аҩыза аҭагылазаашьа цәырҵыр алшоит аԥсыӡкра ианаамҭоу.

Иааидкыланы аӷбақәа реиҳарак атауар рықәхразы абаӷәаза иҭалоит, уаҟоуп иахьымҩаԥырго аҳазатә хылаԥшра иҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ушьангьи Кәыҵниа.

© Фото : ГТК Республики АбхазияПередача таможенного судна ГТК РА.
Передача таможенного судна ГТК РА. - Sputnik Аҧсны
Передача таможенного судна ГТК РА.

Ибжьаратәу аҳазатә ӷба ТС-514 "Муфлон" амшын аԥшаҳәа иахьацәыхарам, аӡиақәа рҟны, иара убас аӡеизгарҭақәа рҟны иныҟәоит, амаҵзура-ныҟәаратә, аԥыԥшра-гәаҭаратә напынҵақәа мҩаԥнагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0