00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Актуальный комментарий
РУСДРАМ на фестивале "АПСНЫ" и на Форуме объединенных культур
14:47
5 мин
Актуальный комментарий
Прогноз погоды в Абхазии до конца сентября
14:52
6 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
Роль и полномочия районных собраний депутатов
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Руслан Габлиа Аҟәа ақалақь асахьаҭыхыҩ хадас дҟарҵеит

© Sputnik Томас ТхайцукРуслан Габлия
Руслан Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иҟәша ахықәкқәеи аусдҵа хадақәеи ртәы.

АҞӘА, цәыббра 19 — Sputnik, Саид Барганџьиа. Аҟәа асахьаҭыхыҩ хада иҿаԥхьа иқәгылоуп адҵа: амилаҭтә доуҳа, агьама бзиа, аиҿкаара иаша реиқәырхара — иҳәеит Руслан Габлиа.

"Сара ақалақь асахьаҭыхыҩ хада ҳәа аус зуеижьҭеи ҩымчыбжьа ирықәуп. Макьаназы иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵаара сашьҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхҩы.

Руслан Габлиа иажәақәа рыла, ақалақь аҟны ирацәоуп аԥсахра зҭахны иҟоу.

"Сара сшахәаԥшуала аиқәымшәарақәа рацәоуп, ирацәоуп иуԥсахша. Аусура шьақәыргылатәуп азакәанԥҵара иақәшәо", — инаҵшьны иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы.

Иара иажәақәа рыла, Аҟәа аӡыргарақәа хырбӷьара ауаа ирыдгалоуп.

"Иаҳҳәап, иахьа амҩа саныланы сышцоз сылаԥш ақәшәеит Абазақәа рымҩаҟны макьаназ еиҭашьақәыргылам аҩны хыхьтәи абарҵаҟны абаннер ҟаԥшь кнаҳан ҭелк аномер анҵаны. Ас зынӡаск иҟалаӡом", — ациҵеит иара.

Ақалақь асахьаҭыхыҩ хада Руслан Габлиа иаԥхьаҟатәи апланқәагьы дрылацәажәеит.

"Сара сахьаҭыхыҩ хадас сҟарҵеит Аиааира амши ақалақь ахақәиҭтәра Амши рыламҭалаз. Ишсылшо ала исҭахуп ҳаҳҭнықалақь аныҳәа иазыҟасҵар" — иҳәеит иара.

Руслан Габлиа иажәақәа рыла, аусура аиӷьтәразы Аҟәа Ахадараҟны иаԥҵатәуп ахеилак – арахь иалалар рылшоит асахьаҭыхыҩцәа реиԥш згәы еицҳауа, зықалақь бзиа избо ауаагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0