Вера Таривердиева: Микаел ауарӷан азы музыка аҩра дахьалагаз Аԥсноуп

© Sputnik / Виталий Карпов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоветский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев.
Советский и российский композитор, народный артист РСФСР Микаэл Леонович Таривердиев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Вера Таривердиева, еицырдыруа акомпозитор Микаел Таривердиев иԥшәмаԥҳәыс, ҳлыҿцәажәеит Пицундатәи ауахәамаҟны имҩаԥысыз аконцерт алагамҭаз.

АҞӘА, цәыббра 21 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Вера Таривердиева, еицырдыруа акомпозитор Микаел Таривердиев иԥшәмаԥҳәыс, Пицундатәи ауахәамаҟны имҩаԥысраны иҟоу аконцерт алагамҭаз иаҳзеиҭалҳәеит Микаел ауарӷан музыка аҩра дахьалагаз Аԥсны шакәу.

"Пицундатәи ауарӷан сыԥсҭазаара иахәҭакуп. Ауахәамаҟны Микаел Леон-иԥеи сареи ҳаамҭа рацәаны иаҳхаагон. Ҳара Аԥсны ҳадҳәалоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Микаел Леон-иԥа ихәыҷраамҭаз арахь ԥсшьара дааргалон", — лҳәеит Таривердиева.

Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи рынагӡарала аконцерт аҟны азыӡырыҩцәа ираҳараны иҟоуп ауарӷан азы ҷыдала Микаел Таривердиев ииҩыз ахоралтә прелиудиақәа, абжьи аоркестри рзы аконцерт. Уажәазы иара абжьи ауарӷани рахь ииагоуп. Аконцерт 50 шықәса инареиҳаны иадмырҳәацызт.

Пицундский орган - Sputnik Аҧсны
Таривердиев ауарӷан азы ирҿиамҭақәа Пицунда иадырҳәоит

"Сара даара сеигәырӷьоит Лука Гаделиеи Кристина Ешԥҳаи реиԥш иҟоу аҟазаратә дует ахьаԥҵахаз. Микаел Таривердиев ихьӡ зху жәларбжьаратәи ауарӷанарҳәаҩцәа рконкурс аҟны аԥхьахә ҷыда "Агәрагара, агәыӷра, абзиабара" Лука Гаделиа ианасшьеит. Лука даара активла аус зуа лахәылоуп", — лҳәеит Таривердиева.

Аконцерт мҩаԥысуеит ауарӷан 40 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.

Микаел Таривердиев 132 рҟынӡа кинофильмқәа амузыка рзиҩхьан, 100 инареиҳаны ашәақәеи аромансқәеи аԥиҵахьан, иара убасгьы абалетқәа 4, ауарӷан азы аконцертқәа 3, альти арахәыц оркестри рзы аконцертқәа 2 авокалтә циклқәеи асимфониақәеи.

Таривердиев еиҳарак деицырдыруа дҟалеит афильмқәа "Ааԥын а-жәибжь еимгеимцарақәеи", "Акрал-ԥслаҳәи", "Аԥсҭазаара ахыччара мамзаргьы…" рзы амузыка анаԥиҵа ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0