АҞӘА, цәыббра 22 — Sputnik Саид Барганџьиа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны, цәыббра 22 рзы, еицҿакрыла Руслан Аџьба Аԥсны Атәанчаратә фонд аиҳабыс далырхит.
"Шәара аусура дуӡӡа шәзыԥшуп атәанчаратә закәанԥҵара аиҭакрақәа рымҩаԥгараҿы", — иҳәеит Аџьеи, аусура аҭареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Сурен Керселиан.
Артур Амқәаб Руслан Аџьба ақәҿиара дуқәа изеиӷьеишьеит иусураҟны.
Руслан Аџьба диит 1975 шықәса рзы Аҷандара ақыҭан. Далгеит абжьаратәи ашкол. Уи ашьҭахь — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономика афакультет.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Руслан Аџьба аус иуан Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны, Аԥсны Ахада Иусбарҭаҟны, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Аексперименталтә патологиеи амедицинеи ринститут аҟны (НИИЕПиТ) економистс.
Руслан Аџьба аус иуан Аԥсны Атәанчаратә фонд ахантәаҩыс. 2014 шықәса инаркны Аԥсны Атәанчаратә фонд ахантәаҩы инапынҵақәа наигӡон.
Дҭаацәароуп.