Аҟәатәи алашарбага апоезиеи апрозеи

© Sputnik Томас ТхайцукМаяк
Маяк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акыр шықәса ҵуеит Аҟәатәи алашарбага амшынтә баӷәаза иҭало амшынӷбақәа аднаԥхьалоижьҭеи. Sputnik акорреспондент Асҭанда Арӡынԥҳа аконструктор Ернест Гуен иновигациатә ргыламҭа даҭааит.

Асҭанда Арӡынԥҳа, Sputnik

Аҟәатәи алашарбага ақалақь мраҭашәаратәи ахәҭа иахьаҵанакуа Амшын Еиқәа иалагалоу адгьылбжьахалаҟны иҟоуп.  Иахьа, атехнологиа ҳаракқәа ианраамҭо, аӷбақәа зегьы  аспутниктә новигациақәа анрымоу аамҭазы Аҟәатәи алашарбага ақалақь иблахкыгарҭоу аҭыԥ ԥшӡарақәа еиҳа ирыҵаркуеит адырраҭаратә ргылара аасҭа.

Алашарбагеи Маиаковскии

"1901 шықәсазы, аԥхынтәи аԥсшьараамҭақәа рзы, Владимир Маиаковски Аҟәатәи алашарбага даҭааит. Иара алашарбага убриаҟара дыхнахит – ипсевдоним Маиаковскигьы злихыз ажәа  "маяк"  (алашарбага) ауп". Абас аҳәоит Аԥсны агидрофизикатә институт архив аҟны иҵәаху ажәытә ԥкаанҵа напылатәи аҩырацҵа. Автор изымдыруазар акәхарын Маиаковски аурыс поет ихатәы жәла шакәыз. Маиаковски диит Қырҭтәыла, Қәҭешьтәи агуберниа иаҵанакуаз ақыҭа Багдади аҟны, абнахьчаҩ Владимир Константин-иԥа Маиаковски иҩнаҭаҿы.

Отчет о состоянии Маяка.
1/4
Отчет о состоянии Маяка.
Отчет о состоянии Маяка.
2/4
Отчет о состоянии Маяка.
Отчет о состоянии Маяка.
3/4
Отчет о состоянии Маяка.
Отчет о состоянии Маяка.
4/4
Отчет о состоянии Маяка.
1/4
Отчет о состоянии Маяка.
2/4
Отчет о состоянии Маяка.
3/4
Отчет о состоянии Маяка.
4/4
Отчет о состоянии Маяка.

Ус шакәугьы ари алегенда ҵаҵӷәыдоуп узҳәом. Маиаковски ииашаҵәҟьаны Аҟәа даҭаахьан, алашарбагагьы абара днеихьан. Алашарабага инаҭаз анырра атәгьы иҩит ахәыҷқәа ирызку ишәҟәы аҟны ("Эта книжечка моя про моря и про маяк"). Абри атәы лыҩуеит лгәалашәарақәа рҟны апоет иан, Александра Маиаковскаиа.

"Ҳара Баҭым ҳнеиит дәыӷбала, уахьынтәи Аҟәанӡа ӷбала ҳцеит. Ари аныҟәара еицыз зегьы агәеизҳара ду ҳнаҭеит, аиҳаракгьы Валодиа даара игәаԥхеит. Иара амшынуаа рымаҭәа ишәын, апассаџьырцәеи, акапитани, амшынуааи дышрацәажәоз ҳамҩа нҵәеит. Ҳазихьӡомызт, убас аӷба ахи-аҵыхәеи еимирҟьон. Зегь ибарц, зегь еиликаарц иҭахын", — лҳәоит Маиаковскаиа.

Лара илыҩуеит усҟан лыҷкәыни лареи ақалақь аҟны акыр ишынеи-ааиуаз. Аиҳаракгьы лгәалашәараҟны иаанхеит алашарбага аҭаара.

"Володиа алашарбага аинтерес даара икит. Иара изеиҭарҳәеит иара шышьақәгылоу, иззыргылоу – амшынуаа алашара шыднарбо. Иара ихаҭа даныхәыҷыз инаркны ауаа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ахь рымҩа арлашара гәҭакны иман", — аҳәоит ан лгәалашәарақәа рҟны.

Еифелтәи абааш аиашьа еиҳабы

Аҟәатәи алашарбага Франциатәи анџьныр Ернест Гуен ишьақәиргылеит. Иара Еифелтәи абааш  аԥҵаҩцәа дыруаӡәкуп. Алашарбага аԥҵан Урыстәылатәи аимпериа арра-мшынтә флот аҿаҵала. 1861 шықәса рзы ари анавигациатә ргылара Аҟәаҟа иааган. Иара хәҭа-хәҭала еизыргон 150 мшы рыҩныҵҟа. Убри аахыс Аҟәатәи алашарбага амшынуааи аӷбақәеи рымҩа арлашоит.

Аргылара аҳаракыра 34 метра иҟоуп. Уахь уназго аҭыџь мардуан 147 ҿаԥҟарсҭа амоуп. Алашарбага ахыцәқәаҟынтәи  иубоит Аҟәеи Афон Ҿыци. Френель илинза ахархәарала алашарбага аҟынтәи алашара убарҭоуп 30 километра рҟынӡа. Алашарбага ашәахәақәа амшын лаԥшҳәааҟынӡа инаӡоит.

© Sputnik Томас ТхайцукМаяк
Маяк - Sputnik Аҧсны
Маяк

Аԥхьаҵәҟьа алашарбагаҟны ахәшатә лашара акәын рхы иадырхәоз. Аха аԥшасра ӷәӷәақәа раан ахәша аҭра хынаауан, ахәшагьы каҭәон. Убри азы  иара ԥсахын  ацетилинтә лашарбага ала, аамҭақәак цахьаны – афымцатә фонар ала.

© Sputnik Томас ТхайцукМаяк
Маяк - Sputnik Аҧсны
Маяк

Уажәы алашарбагаҟны иқәыргылоуп киловатт-киловатк амчра змоу  афымцатә лампақәа ҩба. Иҟоуп аинформациа, 1877 шықәса рзы, аурыс-аҭырқәа еибашьраан аҭырқәа ир Аҟәа ааныжьны ианцоз алашарбага дырбгар рҭахын ҳәа. Уи анырзалмырша  алашарбага афонар ықәганы иргеит.

Шықәсқәак рышьҭахь иара еиҭашьақәыргылан.

Ажәра гәырӷьарам

Иахьа, атехнологиа ҳаракқәа ианраамҭоу, аӷбақәа зегьы  аспутниктә новигациақәа анрымоу аамҭазы Аҟәатәи алашарбага ақалақь аҭыԥ ԥшӡарақәа еиҳа ирыҵаркуеит адырраҭаратә ргылара аасҭа. Аус ауеит аха еиҳарак амратә батареиақәа рылоуп аус шауа. Аамҭа иара атәы ҟанаҵоит – алашарбага аметалл иалху абааш ашьшьарақәа аиухьеит, ашәыгақәа амышәшәоит. Аҟәатәи алашарбага апоезиа ҳарак иаҵанакуаз аамҭақәа ииасит. Ернест Гуен инапкымҭа ссир иахьа иаарласны аремонт азура аҭахны иҟоуп.

Аҟәатәи агидрофизикатә институт адиректор Виачеслав Қьецба ишиҳәаз ала, 2005 шықәса раахыс алашарбага аинститут абаланс аҟны иҟоуп. Иара аҭааразы иаркуп, ара аус зуаз ауаагьы ықәҵхьеит.

"Асовет аамҭақәа рзы алашарбагаҟны аус руан 16-ҩык ауаа. Асовет еидгыла анеилаҳаи Аԥсны аибашьра ашьҭахьи ԥшьҩык аанханы иҟан, уажәы урҭгьы ықәҵит", — иҳәеит Қьецба.

Абас, алашарбага аԥыԥшҩы иромантикатә маҵзурагьы ажәытәра иагеит, иахьазы иара иахылаԥшуеит аинститут аусзуҩцәа.

2005 шықәса раахыс  аинститут мааҭк арымҭацт алашарбага ахьӡала. Ҳара иара ахьчара азҳархиоит. Уи азы шықәсык аҩныҵҟа 300 000 мааҭ аҭахуп. Аԥарақәа аинститут ахатә ԥарақәа роуп, азгәеиҭеит адиректор.

Алашарбага туристтә обиектны иҟаларгьы алшон ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

"Алашарбага ҳара ҳҭоурых иахәҭоуп. Иара аурыс-аԥсуа еибашьраан иқәыргар шырҭахымызгьы ирзалмыршеит. Уажәы, аҭынч аамҭазы уи аҩыза зынӡаскгьы иҟамлароуп", — азгәеиҭеит иара.

Аинститут аиҳабыра иазырыԥхьаӡеит  алашарбага аиҭашьақәыргыларазы 40 миллион мааҭ аҭахны ишыҟоу. Арҭ аԥарақәа рыла алашарбагагьы, иара иаԥну апаркгьы, абылтәы аҵәахырҭа абункергьы еиҭашьақәургылар ауеит.

© Sputnik Томас ТхайцукМаяк
Маяк - Sputnik Аҧсны
Маяк


Ажәабжьқәа зегьы
0