АҞӘА, цәыббра 23, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Адепутат Сергеи Шамба иазиԥхьаӡоит иҷыдоу аекономикатә зонақәа раԥҵара ареспубликахь аинвестициақәа радыԥхьалара иацхраауеит ҳәа. Абри атәы ааицҳаит ҳкорреспондент Апарламент аилатәараҟынтәи.
"Адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны иаԥырҵоит иҷыдоу аекономикатә зонақәа. Дара аус рыдырулоит Астратегиатә ҿиара ацентрқәа рҟны аекономикатә ҿиара астратегиа аҳәаақәа ирҭагӡаны", — иҳәеит Шамба адепутатцәа азакәан рыдгало.
Апарламент аилатәараан иҟан агәаанагара адокумент еиҭах аус адулатәуп ҳәа.
"Аҳәынҭқарра иҷыдоу аекономикатә зона аԥнаҵазар, ахахьы иагароуп арҭ аекономикатә зонақәа русура амҩаԥысшьа", — иҳәеит адепутат Алмас Џьапуа.
Апарламентари игәаанагарала иҷыдоу аекономикатә зонақәа хымԥада аҳәынҭқарра анапаҵаҟа иҟаны хылаԥшра анаҭозароуп, избанзар ахатәы хылаԥшра аҳәынҭқарра аекономика ҵнашәаар алшоит.
Иҷыдоу аекономикатә зонақәа раԥҵара хықәкыс иамоуп ахатәы капитал амилаҭтә економика алархәра.
Азакәан апроект инақәыршәаны Аԥсны иахьаҵанакуа аҵакырадгьылқәа рҟны иаԥҵахар алшоит иҷыдоу аекономикатә зона абарҭ ахкқәа: ааглыхратә, атехника-алагаларатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә.