АҞӘА, цәыббра 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәы "Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа" аӡыргара мҩаԥысит арҿиара Аҩны "Аинар" аҟны.
Ашәҟәы автор, амилаҭтә галереиа аусзуҩы Аза Аргәынԥҳа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит уи аус адулара шцоз.
"Ашәҟәы аҟны еизгоуп асахьаҭыхыҩцәа рбиографиатә очеркқәа. Урҭ шьаҭас ирымоуп архивтә материалқәеи адокументқәеи. Иара убасгьы ара иаагоуп асахьаҭыхыҩцәа аӡә изы егьи иҳәамҭақәа", — лҳәеит автор.
Лара убасгьы иазгәалҭеит ашәҟәы урҭ рырҿиара ахцәажәара хықәкыс ишамамыз.
"Ашәҟәы аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ауаа рырдырра иазырхоуп. Ара иҟоуп Зоиа Џьынџьалԥҳа, Хәыта Аҩӡба, Руслан Габлиа уҳәа егьырҭгьы ирызку аочеркқәа" — лҳәеит Аргәынԥҳа.
Ашәҟәы аӡыргара инаваргыланы имҩаԥган дара асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵагьы.
"Сара издыруеит ишыуадаҩу ашәҟәаҟны иҳамоу асахьақәа реиқәырхара. Араҟа еизгоуп иреиӷьу аԥҵамҭақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳара урҭ лассы-лассы иаабом. Ҳара иҳамоуп ирацәаҩны асахьаҭыхыҩцәа бзиаӡақәа", — иҳәеит Акультура аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа.
Аза Аргәын лажәақәа рыла, аусура даҿын хышықәса инарзынаԥшуа.
Ашәҟәы "Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа" азкуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба и-70-шықәсхыҵреи, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны аиааира 70-шықәса ахыҵреи, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еиибашьраҟны аиааира 22 шықәса ахыҵреи.