АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥшьгалара, цәыббра 29 асааҭ 15 рзы Москва Аҩны аҟны имҩаԥысуеит астол гьежь "Аԥсни адиаспореи реимадара аизырҳара" атема ала.
"Аԥсадгьыл ахь архынҳәра аус аҿы иҟаҵоу шмаҷымгьы, макьана иҟаҵатәу акыр ирацәоуп. Астол гьежь аҟны зегь раԥхьаӡа ишьҭыххо атемақәа иреиуоуп, аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра, Аԥсны аекономика ашьҭыхразы ҳџьынџьуаа аус рыцура, насгьы аԥсуаа ахьынхо аҭыԥқәа рҟны рбызшәа рхамшҭыртә еиԥш аусқәа реиҿкаара", — иҳәеит "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахада Сенер Гогәуа
Сонер Гогәуа иажәақәа рыла, Аԥсны инхо ауаажәлари адиаспореи рҳәоу анеиқәымшәо ыҟоуп.
"Ҳара астол гьежь иҟаҳҵо аҟны иаҳҭахуп иаартны ацәажәара. Иахьа иҳамоу ауадаҩрақәа ҳара ҳаиԥш аӡәгьы издырӡом, урҭ рыӡбараҿы мҩақәас иҟоу ралкаара хықәкыс иҳамоуп", — азгәеиҭеит уи.
Гогәуа игәаанагарала, иаԥҵатәуп аҳәынҭқарратә программа арепатриациа азҵаарақәа рыӡбара азыҳәан.
"Иахьа ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳамоуп, аӡәыр даҳԥырхагоума арепатриациазы иҷыдоу апрограмма аԥҵаразы, абиуџьеттә мчы аҭаны аҟаҵара? Аԥсны зҵаара хаданы иқәгылоуп адемографиа азҵаара, уи аӡбаразы, арепатриациа аусура ҳаақәҵатәуп", — иҳәеит уи.
Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Чкотуа иажәақәа рыла, адиаспора азҵаара еснагь актуалра амоуп.
"Ҳара ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи азы, адиаспора азҵаара ихадоу ируакуп. Избанзар, ҳара ҳаԥсадгьыл аҿы ҳхыԥхьаӡара, ишыжәбо еиԥш, имаҷуп, ас ҳазцо еиԥш ҳцалар, атәым милаҭқәа ҳрылахәашар ауеит. Ус анакәха, ҳара ҳажәлар реизырҳара, ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш азы аҵак ҷыда амоуп", — иҳәеит Чкотуа.
"Жәларбжьаратәи фонд Аԥсны" аԥҵан мшаԥымза 2, 2015 шықәсазы, уи ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны иамоу ахьыԥшымра астатус арӷәӷәареи уи азхаҵара арҭбаареи рҿы ацхыраара аҟаҵара. Иара убас аус аулоит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара, ҳдоуҳатә культуреи, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи рыхьчара, ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи, аиҩызареи аиқәышаҳаҭреи рыбжьаҵара аганахьала.