Зус рыӡбуа Хмаил: ахара зду ацәгьаҩцәа макьана ирыԥшаараны иҟоуп

© Sputnik Томас ТхайцукСергеи Климантовичи Оксана Скаредновеи рышьра иадҳәалоу аусӡбара
Сергеи Климантовичи Оксана Скаредновеи рышьра иадҳәалоу аусӡбара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа, аӡбаҩ Екатерина Онишьченко лхантәаҩрала, иацнаҵоит Сергеи Климантовичи Оксана Скаредновеи рышьра иадҳәалоу аусӡбара.

АҞӘА, жьҭаара 6 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡбаҩ Екатерина Онишьченко лхантәаҩрала, Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҩаша, жьҭаара 6 рзы иацнаҵеит Сергеи Климантовичи Оксана Скаредновои рышьра иадҳәалоу аусӡбара.

Зус рыӡбуаз аҳәамҭа ҟаиҵеит иҭакра ҵаҵӷәы аманы ишыҟам.

"Ҳара ҳҭаркит аҭелтә еицәажәарақәа шьаҭас иҟаҵаны, аха ҳара уа ҳазлацәажәоз иахьа ҳус ззырыӡбуа зынӡаскгьы иадҳәаламызт", — иҳәеит Хмаил.

Иара аӡбаҩцәа ирыдигалеит акгьы шихарам аилкааразы иҭелтә еицәажәара ахкьыԥхьаа ҭырҵаарц.

Иара иазиԥхьаӡоит ари аус еиқәырҽаҽоу усуп, Нодик Кәыҵниа лахь иҭара зҭаху џьоукы еиқәдыршәаз ауп ҳәа.

Ашьаусӡбраан апрокурор Даур Амҷба даԥхьеит уаанӡа Рамин Хмаил иҿахәы аниҿырхуаз, ацәгьоура салахәын ҳәа ахара ихахьы иахьигаз ахәҭақәа.

Сергеи Климантович аилак "Эль Петролеум-Абхазия" напхгара аиҭон. Иареи Оксана Скаредновои 2012 шықәса цәыббрамзазы хабарда иӡит. 2013 шықәса жьҭаара 14 рзы урҭ рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит Аӡҩыбжьа ақыҭан, аҵеиџь аҵаҿ.

Апрокуратура хада ахара рыдырҵеит: Нодик Кәыҵниа, Рамин Хмаил, Ахра Гоԥиа, Џьумбер Бигәаа, Аслан Ҵәыџьба.

Ажәабжьқәа зегьы
0