АҞӘА, жьҭаара 7 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Гнессинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә Академиа авокалтә ҟәша астудент, жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреат Саид Габечиа Евгении Онегин ипартиа неигӡеит Иури Сперански ихьӡ зху аоператә театр-студиаҟны.
"Раԥхьаӡа акәны ари апартиа насыгӡоит. Сара сзы ари премиероуп. Апартиа акыр ишыуадаҩызгьы сара даара бзиа избоит. Сара гәахәарыла инасыгӡоит иара. Сгәы иаанагоит ари аспектакль дипломтә усумҭаны иҟасҵап ҳәа", — иҳәеит Габечиа.
Иара иажәақәа рыла, аспектакль аҽазыҟаҵара хы-мчыбжь имҩаԥысуан.
"Сырҵаҩи сконцертмеистери ҭабуп ҳәа расҳәоит иахьсыцхрааз, иахьсывагылаз", — ҳәа азгәеиҭеит ашәаҳәаҩ.
Габечиа ишиҳәаз ала, Пиотр Чаиковски иопера иалху алитература-музыкатә композициа иара убри азал аҟны еиҭадырбахоит абҵара 30 рзы.
Саид Габечиа далгеит Пицундатәи амузыкатә школ, афортепиано акласс ала. Нас дҭалоит Гнессинаа рыхьӡ зху Урыстәылатәи амузыкатә Академиа авокалтә ҟәша. Иахьа иара аԥшьбатәи акурс аҟны аҵара иҵоит.