Артистцәа ҿарацәа Чехов ипиеса "Амшә"ықәдыргылеит

Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылеит Софа Агәмааԥҳа лавтортә скетч "Ахәмарцәа аауеит", иара убас Чехов ипиеса "Амшә".

Аҩаша, жьҭаара 6 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылеит Софа Агәмааԥҳа лавтортә скетч "Ахәмарцәа аауеит", иара убас Чехов ипиеса "Амшә".

Аҿартә театр асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа иазгәалҭеит, ахәаԥшцәа аспектакль гәахәарыла ирыдыркылеит ҳәа.

"Апремиера еснагь агәыхыҭхыҭра ацуп аха исҳәар сылшоит иара қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа", — азгәалҭеит Софа Агәмааԥҳа.

Аспектакль аҟны ароль хада дыхәмарит Аслан Анқәаб. Ари ароль иара истуденттә аамҭақәа рызгьы дыхәмаруан.

"Ари ароль — иуадаҩу иара убри аан аинтерес зҵоу рольуп. Абзиабара гәышьҭыхгоуп аха ари ароль аҟны абзиабареи ацәымӷреи еилоугӡароуп. Сара сзы ари апиеса ҩбаны аҽеихнашоит: актәи – уара мшәҵас, гыгшәыгҵас ухы мҩаԥугоит, аҩбатәи – амшәгьы абзиабара алшозаап", — иҳәеит Анқәаб.

Апиеса аус адырулон ҩымз инарзынаԥшуа. Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит Софа Агәмааԥҳа.

Аԥсуа ҿартә театр аԥҵан 2014 шықәса нанҳәа 20 рзы. Уаанӡа актиорцәа ҿарацәа хәмаруан Софа Агәмааԥҳа лтеатр "Аамҭа" аҟны.

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа драматә театр асценаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылеит апримиератә спектакль - Чехов ипиеса "Амшә".
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
1/12
Аԥсуа драматә театр асценаҟны Аԥсуа ҳәынҭқарратә ҿартә театр иқәнаргылеит апримиератә спектакль - Чехов ипиеса "Амшә".
© Sputnik Томас ТхайцукАспектакль асиужеттә коллизиа хада азкуп зхаҵа иԥсра гәнызго аԥҳәысеиба Елена Попова лҭоурых. Лхаҵа уаанӡатәи иуалқәа бшәароуп ҳәа Елена дылҭаауеит иԥхьатәоу апоручик, адунеи ҳәсас иқәу зегьы рахь ацәымӷра змоу, ауаҩ-хжәа Григории Смирнов. Елена илҭааз ҳәаҭыхла диҿагылоит. Реимак ашьҭахь Григории Елена адуель ахь днеиԥхьоит, лара дақәшаҳаҭхоит. Елена лхымҩаԥгашьа ихнахыз Григории аԥҳәысеиба бзиа диамхабоит.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
2/12
Аспектакль асиужеттә коллизиа хада азкуп зхаҵа иԥсра гәнызго аԥҳәысеиба Елена Попова лҭоурых. Лхаҵа уаанӡатәи иуалқәа бшәароуп ҳәа Елена дылҭаауеит иԥхьатәоу апоручик, адунеи ҳәсас иқәу зегьы рахь ацәымӷра змоу, ауаҩ-хжәа Григории Смирнов. Елена илҭааз ҳәаҭыхла диҿагылоит. Реимак ашьҭахь Григории Елена адуель ахь днеиԥхьоит, лара дақәшаҳаҭхоит. Елена лхымҩаԥгашьа ихнахыз Григории аԥҳәысеиба бзиа диамхабоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАпиеса аус адырулон ҩымз инарзынаԥшуа. Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит Софа Агәмааԥҳа.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
3/12
Апиеса аус адырулон ҩымз инарзынаԥшуа. Апиеса аԥсшәахь еиҭалгеит Софа Агәмааԥҳа.
© Sputnik Томас ТхайцукАпиеса иаԥхьажәан иқәдыргылеит раԥхьатәи аԥсуа актиорцәа ргәалашәара иазку Софа Агәмааԥҳа лскетч "Ахәмарцәа аауеит".
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
4/12
Апиеса иаԥхьажәан иқәдыргылеит раԥхьатәи аԥсуа актиорцәа ргәалашәара иазку Софа Агәмааԥҳа лскетч "Ахәмарцәа аауеит".
© Sputnik Томас ТхайцукАспектакль аҟны ароль хада дыхәмарит Аслан Анқәаб. Ари ароль иара истуденттә аамҭақәа рызгьы дыхәмаруан. "Ари ароль — иуадаҩу иара убри аан аинтерес зҵоу рольуп. Абзиабара гәышьҭыхгоуп аха ари ароль аҟны абзиабареи ацәымӷреи еилоугӡароуп. Сара сзы ари апиеса ҩбаны аҽеихнашоит: актәи – уара мшәҵас, гыгшәыгҵас ухы мҩаԥугоит, аҩбатәи – амшәгьы абзиабара алшозаап", — иҳәеит Анқәаб.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
5/12
Аспектакль аҟны ароль хада дыхәмарит Аслан Анқәаб. Ари ароль иара истуденттә аамҭақәа рызгьы дыхәмаруан. "Ари ароль — иуадаҩу иара убри аан аинтерес зҵоу рольуп. Абзиабара гәышьҭыхгоуп аха ари ароль аҟны абзиабареи ацәымӷреи еилоугӡароуп. Сара сзы ари апиеса ҩбаны аҽеихнашоит: актәи – уара мшәҵас, гыгшәыгҵас ухы мҩаԥугоит, аҩбатәи – амшәгьы абзиабара алшозаап", — иҳәеит Анқәаб.
© Sputnik Томас ТхайцукАвтортә скетч алахәылацәа – артистцәа.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
6/12
Автортә скетч алахәылацәа – артистцәа.
© Sputnik Томас Тхайцук"Зхаҵа иԥсра зызхымго аԥҳәысеиба" лроль дыхәмарит Кама Иашвили.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
7/12
"Зхаҵа иԥсра зызхымго аԥҳәысеиба" лроль дыхәмарит Кама Иашвили.
© Sputnik Томас ТхайцукАпиесаҟны ихәмаруан иқәыԥшу, аха апрофессионалтә ҩаӡара зоухьоу артистцәа. Урҭ рыхәмарра ахәаԥшыҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
8/12
Апиесаҟны ихәмаруан иқәыԥшу, аха апрофессионалтә ҩаӡара зоухьоу артистцәа. Урҭ рыхәмарра ахәаԥшыҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАинтерес аҵан актиорцәа рфырхацәа маҷк иаарыҵахәмаруа иара убри аамҭазы ирыцҳашьо рҭоурыхқәа шеиҭарҳәоз.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
9/12
Аинтерес аҵан актиорцәа рфырхацәа маҷк иаарыҵахәмаруа иара убри аамҭазы ирыцҳашьо рҭоурыхқәа шеиҭарҳәоз.
© Sputnik Томас ТхайцукЛука ироль наигӡеит актиор Аслан Енықь.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
10/12
Лука ироль наигӡеит актиор Аслан Енықь.
© Sputnik Томас ТхайцукАбзиабара аҟынтәи ацәымӷра аҟынӡа шьаҿак акәзар ибжьоу – ацәымӷра аҟынтәи абзиабара аҟынӡагь убриаҟароуп ибжьоу. Апиеса афырхацәа уи ашьаҿа еихыргеит рыхәаԥшцәа рҿаԥхьа.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
11/12
Абзиабара аҟынтәи ацәымӷра аҟынӡа шьаҿак акәзар ибжьоу – ацәымӷра аҟынтәи абзиабара аҟынӡагь убриаҟароуп ибжьоу. Апиеса афырхацәа уи ашьаҿа еихыргеит рыхәаԥшцәа рҿаԥхьа.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа ҿартә театр аԥҵан 2014 шықәса нанҳәа 20 рзы. Уаанӡа актиорцәа ҿарацәа хәмаруан Софа Агәмааԥҳа лтеатр "Аамҭа" аҟны.
Премьерная постановка по пьесе Чехова Медведь. - Sputnik Аҧсны
12/12
Аԥсуа ҿартә театр аԥҵан 2014 шықәса нанҳәа 20 рзы. Уаанӡа актиорцәа ҿарацәа хәмаруан Софа Агәмааԥҳа лтеатр "Аамҭа" аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0