АҞӘА, жьҭаара 8 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи икомерциатәым аиҿкаара "Алашареи" иеиҿыркааз аҩбатәи жәларбжьаратәи астол гьежь "Абазақәеи аԥсуааи: абызшәеи аҭоурых-культуратә ҭынхеи реиқәырхареи рыҿиареи аԥеиԥш" аус ауеит Аҟәа жьҭаара 8-9 рзы.
Ауснагӡатә мҩаԥысуеит 2015 шықәсазы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи икоммерциатәым аиҿкаара"Алашареи" рнапы зҵарҩыз аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Астол гьежь алахәылацәа дрыдныҳәало Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа иамоу аҵак ду.
"Шәаргьы ҳаргьы ҳбызшәақәа рыпроблема урысшәала аӡбахә ҳҳәоит. Ас ала абызшәа аҿиара аиураны иҟаӡам. Иуадаҩзаргьы иарала ҳцәажәалароуп. Ҳара ҳада еиқәзырхараны иҟада ҳбызшәа? Ҳара ҳауп уи зуалу", — иҳәеит Ҳаџьымба.
Апрограмма аҭҵаарадырратә напхгаҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит апрограмма иахырхарҭа хадақәаны ишалкаау аԥсуеи абазеи бызшәақәа реиқәырхара алыршареи рырҿиареи, адәахьтәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгареи, архивтә материалқәа аус рыдулареи.
"Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоу акоуп – ҳбызшәақәеи ҳкультурақәеи реиқәырхара. Ҳара аус ааулоит абарҭ ахырхарҭақәа рыла: 1-аиқәырхареи арҿиареи; 2-ҳадиаспора ахьынхо аинформациа аизгаразы анеира; 3-архивқәа аус рыдулара", — ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.
Иара иажәақәа рыла, иазыԥхьагәаҭоуп аетнографиатәи абызшәатәи материалқәа реизгаразы ауснагӡатәқәа рацәаны.
Аҩбатәи жәларбжьаратәи астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылеит Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи рҵарауаа.
Астол гьежь алахәылацәа иара аусураан ажәахәқәа ҟарҵеит имҩаԥыргахьоу аусурақәа ирзырханы.
Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи рҵарауаа раԥхьатәи реиԥылара мҩаԥысит 2015 шықәса хәажәкырамзазы. Иара убасҟан иҳәаақәҵан ԥхьаҟатәи русура ахықәкқәеи, аусдҵақәеи, ахырхарҭа хадақәеи, иалхын Акоординациатә хеилак аилазаара. Иара напхгара азиуеит аҵарауаҩ, атехникатә наукақәа рдоктор Мусса Екзеков. Иара убасгьы иаԥҵан 2016-2026шш. рзы программа аус адызуло аусуратә гәыԥ.