АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik. Жьҭаара жәаба рзы Анкара ақалақь аҟны аҭыԥ змаз атеррористтә акт аан аԥсуа-адыга диаспора рхаҭарнакцәа аӡәгьы ааха имоуит ҳәа ҳзааицҳаит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Алиас Асабуа.
"Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иамоу адыррақәа рыла жьҭаара жәаба рзы Анкара ақалақь аҟны аҭыԥ змаз атеррористтә акт аан аԥсуа-адыга диаспора рхаҭарнакцәа аӡәгьы ааха имоуит", — иҳәеит Асабуа.
Асабша, асааҭ 10.04 рзы, Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь аҟны аԥжәарақәа ҩба ҟалеит, ауаажәларратә еиҿкаарақәеи азанааҭеидгылақәеи еиҿыркааз амитинг алагамҭаз. Амитинг азкын атәыла алада-мрагылараҟны аҭырқә-курдтә еимак иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ аҿагылара.
Аофициалтә дыррақәа рыла иҭахеит 95 –ҩык ауааԥсыра, ахәрақәа роуит 246 48–ҩык. Урҭ рҟынтәи –ҩык ахәышәтәырҭақәа ирҭоуп. Аԥжәара мҩаԥыргеит ҩыџьа атеррористцәа аихамҩатә вокзал иахьаҵанакуаз аҭыԥ аҟны.