Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵаҿы Аԥсны иреиҳаӡоу аԥхьахә Гран-при анашьоуп

Выставка "Золотая осень 2015".
Выставка Золотая осень 2015. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа"Золотая осень – 2015" аҟны Аԥснытәи еиуеиԥшым аилакқәа иранашьахеит ахьтәы медалқәа 14, араӡнытә медалқәа 5.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи "Золотая осень – 2015" аҟны Аԥсны хынтәны, иреиҳаӡоу аԥхьахә Гран-при анашьахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр анагӡаратә директор Олег Лакоба ишҳаиҳәаз ала атәымҳәынҭқаррақәа зегьы рыҩныҵҟа Аԥсны заҵәык ауп иреиҳау аԥхьахә занашьахаз.

"Ацәыргақәҵа 30 рҟынӡа тәым ҳәынҭқарра рхы аладырхәит. Урҭ рыбжьара иҟан Индиа, Китаи, Бразилиа, Аргентина, Аладатәи Америка атәылақәа у.у.е. Абарҭ атәыла нагақәа рыбжьара ҳара ҳауп иреиҳаӡоу аԥхьахә иаԥсахаз", — иҳәеит Лакоба.

Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Золотая осень – 2015" аҟны Аԥснытәи еиуеиԥшым аилакқәа иранашьахеит ахьтәы медалқәа 14, араӡнытә медалқәа 5. Ахьтәы медалқәа занашьахаз иреиуоуп аҩыцқьа хкқәа, аминералтә ӡы "Ауадҳара", аӡыхаақәа, аԥсыӡ азы афатә аалыҵ, аԥсыӡ хәша иҳәеит Лакоба.

Агро-ааглыхратә форум ареспублика аҽалархәра ишьақәнарӷәӷәоит аԥсуа наплакыҩцәа раалыҵқәа рыҩаӡара ҳаракы ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

"Ари рбагак аҳасабала ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны иахьатәи аамҭазы зхаҭабзиара аҩаӡара ҳаракы аманы иҟоу аалыҵ шыҭрыжьуа. Иара ишалшо егьырҭ, економикала ҳаиҳа ибеиоу атәылақәа рҟны иҭрыжьуа аалыҵқәа рандаҭлара. Ҳәарада уи акырџьара изыбзоуроу ҳнаплакыҩцәа иҵоуроу русуроуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лакоба.

2013-2014шш. рзгьы Аԥснытәи аалыҵ ианашьахахьан Гран-при.

Жәларбжьаратәи агроааглыхратә цәыргақәҵа Аԥсны алахәра еиҿыркааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнакра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр.

Ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит БРИКС атәылақәа рделегациақәа злахәыз агробизнес-афорум аилатәара. Уахь ааԥхьара рыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Артур Амқәаб хадас дызмаз Аԥснытәи аофициалтә делегациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0