Аҟәа ақалақь арыцқьаратә цәаҳәақәа русура алагара аҿҳәара иахыгоуп

© Sputnik Томас ТхайцукАлада Ешыра акомплекстә рыцқьаратә цәаҳәақәа
Алада Ешыра акомплекстә рыцқьаратә цәаҳәақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алада Ешыра акомплекстә рыцқьаратә цәаҳәақәа русуразы 10 миллион мааҭк аҭахуп.

АҞӘА, жьҭаара 13 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Алада Ешыра ихыркәшоуп арыцқьаратә цәаҳәақәа рыргылара, аха аспециалистцәа иахьа уажәраанӡагьы аобиект аусура ирзаларгом ҳәа ҳзаалыцҳаит Аҟәа ақалақь Ахадара Акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Елена Атиопина.

Лара лажәақәа рыла, урҭ аусура раларгаразы 10 миллион мааҭк аҭахны иҟоуп.

"Аспециалистцәа аулафахәы рыҭара адагьы еиҭах иҟоуп иаахәатәу амеханизмқәа, урҭ рыда аусура алагара залшом, иара убасгьы иаахәатәны иҟоуп иҷыдоу амашьынақәа. Уажәтәи аамҭазы урҭ злааҳхәо аԥара ҳамам", — лҳәеит Атиопина.

Лассы Аҟәаҟа иаараны иҟоуп ҭырқәтәылатәи афирма "Џьанту" аҟазауаа. Урҭ роуп арҭ ацәаҳәақәа аремонт рзызуаз иҟоу аиқәыршәагақәагьы адызгалаз ҳәа азгәалҭеит лара.

"Ҳара Ҭырқәтәылантәи аҟазауаа ҳарзыԥшуп. Урҭ лассы иаараны иҟоуп. Дара аусурақәа хыркәшаны аобиект ҳара ҳекспертцәа ирырҭоит", — ҳәа азгәалҭеит Атиопина.

Лара лажәақәа рыла, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа игәы иҭоуп афинансҟаҵара азҵаара алацәажәара. Абри азы иара диԥылараны дыҟоуп аԥыза-министр Артур Амқәаб.

Арыцқьаратә цәаҳәа иахысуа аӡқәа шәарҭада аԥсабаратә ӡыҭкаарақәа ирылалар ҟалоит. Арыцқьара ашьҭахь иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара шәарҭара аиуа изыҟалом.

Арыцқьаратә цәаҳәақәа Аҟәа анаҩс, Алада Ешыраҟа инагоу, аибашьра аан ааха ӷәӷәа ироуз иахҟьаны абар уажәшьҭа 20 шықәса ирықәуп аус рымуеижьҭеи. Абарҭ аамҭақәа зегьы ақалақь ӡқәа зегьы амшын иалалоит ирыцқьамкәа. аканализациатә труба 2 километрак рҟынӡа амшын иалахалоуп, 100 метрак рҟынӡа амшын аҵаҟа илашьҭуп.

2012 шықәса рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә рҿиаразы Акомплекстә план аиқәыԥхьаӡахь иаҵаркын уажә зыргылара хыркәшоу арыцқьаратә цәаҳәагьы. Иныхын 600 миллион рҟынӡа аԥара.

Аобиект аусуҩцәа рыштат 58-ҩак ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0