Сақариатәи ауниверситет иҭалаз аԥсуа студентцәа аҵарахьы амҩа иқәлеит

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭа иҭалаз Аҧснынтәи 14-ҩык астудентцәа наскьаргеит
Ҭырқәтәыла иреиҳау аҵараиурҭа иҭалаз Аҧснынтәи 14-ҩык астудентцәа наскьаргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳазҭагылоу аамҭазы Сақариатәи ауниверситет аҟны аҵара рҵоит Аҧснынтә 23-ҩык астудентцәа.

АҞӘА, жьҭаара 15 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Иахьа Аҧснынтә Ҭырқәтәылаҟа амҩа иқәлеит сынтәа Сақариатәи ауниверситет иҭалаз 14-ҩык астудентцәа. Ҳазҭагылоу аамҭазы ари ауниверситет аҟны аҵара рҵоит Аҧснынтә 23-ҩык астудентцәа. Дара рҵарадырра иадҳәалоу аусмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи, рынагӡареи, адгылареи, ацхыраареи анаҭоит  ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны".

Сенер Гогәуа: ҳазҭагылоу аамҭазы атәым бызшәақәа рдырра акыр ихәарҭоуп

"Ааигәа Аҧсны аҵареи аҭҵаареи рминистр Адгәыр Какобеи сареи, ҷыдала Сақариатәи ауниверситет ҳаҭааит. Ауниверситет аректор Музаффер Ельмаси ҳареи ҳаиҧылараҿы иазгәеиҭеит, Аҧснытәи ҳастудентцәа рзы рышәқәа шаарту, алимитқәа рхыҧхьаӡара аҧхьаҟа иҵегьы ишеизирҳауа, ҷыдала рылаҧш шырхыу. Аиҧылара иалахәыз, Адаҧазар аҧсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы Орал Бганба агәыӷра ҳаиҭеит, ҳастудентцәа рзы азеиҧш нхарҭа ҩны аиҿкаара ргәы ишҭоу", –иҳәеит Сенер  Гогәуа.

Иазгәаҭатәуп, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университи, Сақариатәи ауниверситети, аусеицуреи аиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра шрыбжьоу.  Ари ауниверситет иҭоу ҳастудентцәа рҵара хәыдаҧсадоуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит, иаҳхысыз ашықәсқәа ирылагӡаны Ҭырқәтәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылганы, адырра бзиақәа рыманы, рыҧсадгьыл ахь ишыхынҳәхьоу иахьа зҳәынҭқарра амаҵ азызуа аҿар. Хымҧада, Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәа, аҧхьаҟагьы ахылаҧшра раҳҭалоит, иҳәеит иара.

Абасала, мышқәак рнаҩс Сақариатәи ауниверситет Аҧснытәи ҳастудентцәа рзы ҩаҧхьа ашәқәа аанартуеит. Мҩамш!

Ажәабжьқәа зегьы
0