Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 90 шықәса ахыҵит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуаҭҵааратә институт аиубилеитә еилатәара
Аԥсуаҭҵааратә институт аиубилеитә еилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт шьаҭаркуижьҭеит 90 шықәса аҵра иазкны Аҟәа имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара.

АҞӘА, жьҭаара 16 — Sputnik, Асҭанда Арӡынԥҳа. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт шьаҭаркуижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкны имҩаԥысит аныҳәатә еилатәара жьҭаара 15 рзы, Аҟәа.

Атәылаҟны иреиҳабӡоу анаука-ҭҵааратә усҳәарҭа аусура ахаангьы аԥсуа жәлар рҭоурыхи рхатә зинқәа рзы рықәԥареи ирыдҳәалан ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылараан.

"Аԥсуаҭҵааратә институт адунеи аҟны уаҳа зда ыҟам аԥсуа жәлар рҭоурыхи, ркультуреи, рбызшәеи, рлитературеи ҭызҵаауа усҳәарҭоуп. Аинститут уалԥшьаны иадуп ҳажәлар рмилаҭтә  акзаара аиқәырхареи арҿиареи рзы анаукатә база аԥҵара, ҳҭоурых-культуратә ҭынха аихаҳара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Қырҭтәыла аганахьала ақәыӷәӷәарақәеи ашьҭазаареи шымҩаԥысуазгьы ҳҵарауаа еснагь ирылдыршон адунеи ауаажәларра ҳҭоурых аиашара рызнагара ҳәа ациҵеит иара.

Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра Гәлиа иҩны-амузеи аҟны иазгәарҭеит

"Машәырны иҟамлеит аинститути аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынбеи рыхьӡ ахьеидҳәалогьы. Ари афакт асимволтә ҵакы амоуп. Иара инарҵауланы иаанарԥшуеит ҳаамҭазтәи аҭоурых азы аинститут  инанагӡо ароль аҩаӡара ҳаракы", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьа, аглобализациа адунеи аҽанахнарҵәо аамҭазы, аԥсуаа рыҟазаара аиқәырхаразы азҵаара ҵарны ианықәгыло аамҭазы аинститут аҿаԥхьа аусдҵарацәа шықәгылоу.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Идҵала аинститут аусзуҩцәа иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: академик, аҭоурых наукақәа рдоктор Олег Бӷажәба ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аҩбатәи аҩаӡара аорден, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара аорден ранашьоуп Сима Дбарԥҳа, Борис Џьонуа, Петр Кәыҵниа, Емма Кьылԥҳа, Валико Ԥачлиа, Леонид Саманба.

Аурыс-аԥсуа наукатә еимадарақәа рырҿиараҿы рлагаламҭазы "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара аорден ранашьоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Батырбеи Берсибов,  аҭоурых наукақәа рдоктор Ельгене Молодиакова, афилологиатә наукақәа рдоктор Сергеи Пазов.

Аԥсуаҭҵааратә институт аҿиаразы зышьаҭа ду аанзыжьыз иреиуоуп Инал-иԥа, Ӡиӡариа, Ҭраԥшь, Бӷажәба. Иахьа аинститут аҟны  аҿар реиҵааӡара азхьаԥшра ду аманы иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит аинститут адиректор ихаҭыԥуаҩ Сослан Салаҟаиа.

Аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы  аинститут аусзуҩцәа ирылдыршеит 400 инареиҳаны наукатә усумҭа рҭыжьра ҳәа азгәеиҭеит иара.

"Ҳаинститут аԥсҭазаара аҿиара ду амоуп, ҳара есышықәса жәларбжьаратәи аконференциақәа мҩаԥаагоит. Ҳазлаҽхәаша ҳамоуп, ҳәарада иҟоуп ҳҽыззаҳшәашагьы. Ҳәарада иҳамоуп апроблемақәагьы маҷымкәа. зегьы ирхаданы иҟоуп аматериал-техникатә база азымхареи ахыбра аремонт азуреи. Ҳколлектив зегьы  рзы инасыԥхон ажәытәтәи ахыбра ахьгылаз аҭыԥ аҟны  иҿыцу аинститут ахыбра ргылахар", — иҳәеит Салаҟаиа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт еиҿкаан 1925 шықәса рзы, Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ҳәа хьӡыс иаҭаны. 1930 шықәсазы аҵаразы Аԥсны жәлар ркомиссариат иаднакылеит ақәҵара  Аԥсуа бызшәеи алитературеи Ракадемиа ахьӡ ԥсахзарц аԥсуа бызшәеи алитературеи рзы Аԥсуаҭҵааратә  институт ҳәа. Шықәсык ааҵхьаны, 1931 шықәса нанҳәамзазы ахьӡ рыԥсахит атәылаҿацәҭҵаара Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт ҳәа. Аинститут ахьӡ акырынтә аԥсахрақәа ақәшәахьан: 1935 ш. рзы – Аԥсуа культура аинститут; 1939ш. рзы – академик Марр ихьӡ зху аԥсуа бызшәеи аҭоурыхи рыҭҵааразы аинститут; 1950ш. рзы – аԥсуа бызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи Ринститут; 1994ш. инаркны Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут.

Аибашьраан, 1992 шықәса жьҭаарамзазы  аинститути Аԥснытәи аҳәынҭқарратә архиви ақырҭуа гвардееццәа ирыблит. Сааҭқәак ирылагӡаны амца иахәнатәит аԥсуа ҵарауаа русумҭа хазынақәа, хәызмаӡамыз анапҩырақәа. Аинститут аусзуҩцәа ракәзар активла ареспублика ахақәиҭраз аибашьцәа ирылагылан. Урҭ рҟынтәи быжьҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак рыхҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0