АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистрра адиспансеризациа амҩаԥгара иалагеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Аҟәатәи ақалақьтә поликлиника №3 аҳақьым хада Ирма Воуԥҳа ҳкорреспондент ишылзеиҭалҳәаз ала ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа 600-ҩык рҟынӡа актәи акурс астудентцәа агәаҭарақәа ирыхрыжьраны иҟоуп.
"Аҿар ҳара ԥхьаҟатәи ҳԥеиԥш роуп, ҳара урҭ роуп ҳзықәгәыӷуа. Ргәабзиаратә ҭагылазаашьа хымԥада азхьаԥшра аҭатәуп. Аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа рзы раԥхьаӡа акәны абас, мҽхакы ҭбаала иммҩаԥгахоит астудентцәа рдиспансеризациа", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Адиспансеризациа мҩаԥгахоит ашьыжь асааҭ 9 инаркны ахәылбыҽха асааҭ 5 рҟынӡа. Астудентцәа аҳақьымцәа рыхәаԥшра адагьы ранализқәа рырҭоит.
Апедагогикатә факультет астудентка Елана Лакоба иазылыԥхьаӡоит адиспансеризациа хымԥада иахәҭоу усуп ҳәа.
"Џьара иухьуа ак ахы цәырнамгацзар заа иеилукаар ауеит. Аԥхьаҵәҟьа сшәон, аха зегь маншәалан еиҿкаауп. Аҳақьымцәа зегьы сырхысхьеит, ахаԥыцхәышәтәыҩ ида", — лҳәеит лара.
Адиспанзеризациа актәи амш азы ААУ даҭаан дыҟан Аԥсны Аԥыза-министр Амқәаб А.А. Иара иазгәеиҭеит ари аус иамоу аҵак ду.
"Ауадаҩрақәа рацәаны ишыҟоугьы аҵакы зманы иҟоу социалтә программак аанаҳамкылеит. Угәы унамырхьырц залшом ҳтәылаҟны еиуеиԥшым ачымазарақәа ахьырацәахаз. Ачымазара ахыҵхырҭа уахьӡар, ахәышәтәра ҳәарада еиҳа имариоуп", — иҳәеит иара.
2015 шықәса цәыббрамзазы Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов ауааԥсыра ирылеиҳәеит Аԥсны адиспансеризациа амҩаԥгара ишалагаз. Раԥхьатәи аусурақәа мҩаԥган Ԥсҳәы ақыҭан.