Ныгәзар Ашәба: атәылауаа рыбзазараҿы аиӷьхара ҳәа акгьы рныруам

© Sputnik Томас ТхайцукНыгәзар Ашәба
Ныгәзар Ашәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла ашәахьаҽны апресс-конференциа мҩаԥыргеит. Иара азкын атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи лассы иҟалараны иҟоу аполитикатә партиа "Амцахара" аизара дуи.

АҞӘА, жьҭаара 19 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Угәы унамырхьырц залшом Аԥсны атәылауаа аиӷьхара ҳәа акгьы ахьрынмыруа иҳәеит ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" ахантәаҩы Ныгәзар Ашәба, атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи лассы иҟалараны иҟоу аполитикатә партиа "Амцахара" аизара дуи ирызкны имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны.

"Абиуџьет ишабалак ала ахарҭәаара иарбан мчразаалакгьы аҳаҭыри агәрагареи рынаҭом. Абри азы иҿырԥштәны иушьар ауеит Гал араион араса алгаразы абаџь аҳаракра", — ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.

Ныгәзар Ашәба  игәаанагарала, иахьа Аԥсны анхара еиҳа иуадаҩхеит уаанӡатәи атәыла анапхгара раан аасҭа. Иара убасгьы иациҵеит атуризм аусхк аҟны ашәахтәқәа реизгара аизырҳара иахьатәи анапхгара шракәым изыбзоуроу.

"Урыстәыла ишьақәгылаз азеиԥш ҭагылазаашьа инамадан ауаа еиҳа иӷархеит, убри азоуп арахь атуристцәа рацәаны раара зыхҟьаз", — ҳәа ациҵеит иара.

Убри адагьы Ашәба иазгәеиҭеит иахьатәи анапхгара аусурҭа ҭыԥқәа ҳарҭбаауеит ҳәа ирҳәоз нагӡамкәа ишаанхаз.

"Зегьы башацәажәаран. Сара наплак ҿыцк џьаргьы исымбеит. Ус акәым, уаанӡа аргыларақәа рҟны аус зуаз ауаа иахьа усурҭада иқәханы иҟоуп. Атәыла анапхгара злаҽхәаша ҳәа акгьы збом", — иҳәеит иара.

Астадион "Динамо" аҟны жьҭаара 21 рзы имҩаԥысраны иҟоуп аполитикатә партиа "Амцахара" афбатәи аизара ду. Аизара азкхоит атәылаҟны иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьеи асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа реидгыла аԥҵан 2015 шықәса, ԥхынгәы 14 рзы. Иара еиднакылоит: аполитикатә партиа "Амцахара" (анапхгаҩы — Алхас Кәыҵниа), асоциал-економикатәи аполитикатәи ҭҵаарақәа Рфонд "АԤРА" (апрезидент – Аслан Бжьаниа), ауаажәларратә еиҿкаара "Аҳәса аполитикаҟны" (анапхгаҩы – Ирина Агрԥҳа), ауаажәларратә еиҿкаара "Абзанхара" (анапхгаҩы – Ныгәзар Ашәба).

Ажәабжьқәа зегьы
0