"Амцахара" иазханаҵеит иахьатәи атәыла анапхгара ажәлар ирҿагылоит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукСъезд "Амцахара".
Съезд Амцахара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду алахәылацәа ирыдыркылеит арезолиуциа. Уаҟа дара атәыла Ахада игәра шырымго рҳәеит, иаарласынгьы имаҵзура шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵеит. Апартиа аизара абри ала ихыркәшахеит.

АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду алахәылацәа ирыдыркылеит арезолиуциа. Уаҟа дара атәыла Ахада игәра шырымго рҳәеит, иаарласынгьы имаҵзура шьҭеиҵарц адҵа ҟарҵеит ҳәа ааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аида Чачхалиа - Sputnik Аҧсны
Аида Чачхалиаԥҳа: аоппозициаа рыдҵақәа ҵаҵӷәыдоуп

Аизара ду алахәылацәа ррезолиуциала иаадырԥшит иахьатәи атәыла анапхгара ажәлар ирҿагылоит ҳәа ишырыԥхьаӡо. Апарламент ахьгьы ааԥхьара ҟарҵеит иаарласны алхра ҿыцқәа аздырхиарц. Рауль Ҳаџьымба ирҳәо дацымныҟәар, дара жәлар зегь реизара аиҿкаара ргәы ишҭоу рҳәеит.

Арезолиуциа рыдыркылеит апартиа аизара ду аҟны. Ирҳәаз иадгылеит аоппозициатә мчрақәа Рблок.

Аоппозициатә партиа "Амцахара" аизара ду хә-сааҭк инарзынаԥшуа ицон. Иара убри аамҭазы адраматә театр аҿаԥхьа еизеит иахьатәи атәыла анапхгара рыдгылаҩцәа. Аусмҩаԥгатәқәа рыҩбагьы иааидкылан ф-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизыргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0