Ҳаџьымба: аоппазициаа иқәдыргыло аультиматумқәа лҵшәадоуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаФото с места события.
Фото с места события. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ааигәа имҩаԥысыз аполитикатә хҭысқәа инарыдҳәаланы абрифинг мҩаԥигеит.

АҞӘА, жьҭаара 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аоппозициа иқәдыргыло аультиматумқәа лыҵшәадоуп иҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аԥшьаша имҩаԥысыз абрифинг аҟны.

"Изызхәыцтәу, атәылаҟны иҟоу аполитикатә мчрақәа зегьы атәыла шеиқәдырхаша ауп" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иазгәеиҭеит "Амцахара" аизара ду аан цәажәарақәак иреиԥшу зынӡаск аҭыԥ рыман иҟамлар шакәыз.

"Амцахара" аизараҿы џьоук рықәгыларақәа раан рхы иаҭәаршьеит аԥсуа моральи аполитикатә культуреи рнормақәа ирнымаалаӡо ацәажәарақәа. Ари аҳәынҭқарра аргылара аидеиа зынӡаск иақәшәаӡом, уи адагьы ҳхықәкы хада ҳавнагоит", — инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Рауль Ҳаџьымба: сара 2019 шықәсанӡа смаҵура шьҭасҵом

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит "Амцахара" аизара ду аиҿкааҩцәагьы рыхәҭа бзиаӡаны ишалоу иҟоу аҭагылазаашьа  уадаҩ.

"Дара роуп еицҿакны Гал араион аҟны апаспортқәа ршара иадгылаз, дара роуп урыстәылатәи афинанстә цхыраара  еимҵәаны ианыргоз зҿы еихызымхуаз, избанзар – уи дара рзы ифеидан", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара иажәақәа рыла, уаанӡатәи анапхгара роуп изхароу амчра аинститутқәа реилаҳарагьы.

"Аԥеиԥш лаша заур зылшо атәыла, асоциалтә проблемақәа рыӡбразы, ауаа анапы нарымҵакуа идәықәуп", — иҳәеит иара.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит абырсааҭк ала атәылаҟны зегь реиҭакра шзалымшо.

"Макьана ҳамчқәа хом. Ус шакәугьы ҳхатәы лшарақәа рыла ҳҳәынҭқарра амҩа иаша ақәҵара ҳҽазаҳшәоит. Убри ауп изыдҳәалоу сара Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рахь сныҟәарақәагьы", — иҳәеит Ахада.

Иара иажәақәа рыла, абри аҩыза аполитика  алҵшәақәа убартә иҟалахьеит.

"Ашәахтәқәа, ишысҳәахьоу еиԥш хәышә миллион рыла еизҳаит уаанӡатәи ашықәс иадкыланы. Иара убри аҟара инаӡоит ирхынҳәу акредитқәагьы", — азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы иҳәеит уаанӡатәи анапхгара инрыжьыз ауалқәа ршәара ишаҿу.

Иахьазы ирызрыдымкыло, араса абаџь ақәҵара еиԥшу ауснагӡатәқәа аекономика аҿиаразы зыда ԥсыхәа ыҟам ракәны иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы дазааҭгылеит иҵаҵӷәыдоуп ҳәа Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа еиҳа иуадаҩхеит ҳәа аоппозициаа ирҳәо. Аԥсны астратегиатә партниор еснагь гәаартыла ишизыҟоу далацәажәеит.

Атәыла Ахада аҽазныкгьы ишьақәирӷәӷәеит аҳәынҭқарра ахадараҟны изоужьу аамҭа инақәыршәаны аанхара игәы ишҭоу. Иара убри аамҭазы еиуеиԥшым аполитикатә мчрақәа рацәажәара дшазыхиоу шьақәирӷәӷәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0