Фатима Қәҭелиаԥҳа: аибашьраан ауаа жәабжьк ҳаҳандаз ҳәа иԥшын

© Фото : Саида ВозбаФатима Қәҭелиаԥҳа
Фатима Қәҭелиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналист Фатима Қәҭелиаԥҳа далацәажәеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан лусура атәы.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik, Роберт Џьапуа. Аибашьраан зегь раасҭа иуадаҩны иҟан иҭахаз рнышәаҭара аҭыхра ҳәа еиҭалҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра ажурналист Фатима Қәҭелиаԥҳа Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр "Ақәымчра зцым адунеи" абиографиатә салон аҟны аиԥылараан.

"Ателехәаԥшра Гәдоуҭаҟа ииаган. Сара, егьырҭ реиԥш, лассы-лассы исырҭон адҵа – иҭахаз рыԥсыжрақәа рҭыхразы. Иҭахаз рҟынтәи џьоукы зынӡа иқәыԥшқәан, егьырҭ рыхшара зынӡа қәрала имаҷын. Абри арыцҳара ҳара иҭаҳхлар акәын. Урҭ акадрқәа зынӡаскгьы сырзыхынҳәыр сҭахӡам", — ҳәа ҳалҳәеит Фатима.

Лара иара убасгьы иаҳзеиҭалҳәеит аибашьраан агәырӷьара зцыз аҭыхрақәа шыҟаз атәгьы. Урҭгьы ыҟан, ҳәарада. Усеиԥш иҟаз хҭыск аҭыԥ аман ахҵәацәа ахьынхоз апансионат аҟны.

"Ҳааит апансионат ахь. Дҭаҳхуан зцәа зтәымыз ԥҳәыск. Аҭыхра ҳшаҿыз – илықәнакит. Ахәышәтәырҭаҟны дахьнаргаз аԥа длоуит. Владислав ихьӡырҵеит. Ҳара гәахәара дула иҭаҳхуан ани аԥеи. Аха ахәыҷы изы иарбанызаалак маҭәа-ҩыҭәак лымамызт иан. Асиужет аҟны ирылаҳҳәеит, изылшо ацхыраара лырҭарц. Адырҩаҽныҵәҟьа иахәҭаз зегь еизыргеит, зегь ирыцкугьы наргеит — агара", — ҳәа лгәалалыршәоит ажурналист.

Фатима излалгәалашәо ала, ажурналистцәа русуратә мшы еизарала ихацдыркуан. Аредактор изы акыр иуадаҩын аҭыхратә гәыԥқәа реиҿкаара, избанзар атехникатә ресурс азхомызт.

"Сара даара иҭабуп ҳәа расҳәоит Руслан Ҳашыг, Даур Киут, Даур Қорсаиа, Анатоли Шьаниа уҳәа ирацәаҩны. Аибашьра ишаалагазҵәҟьа дара ирылдыршеит ателехәаԥшра иатәыз аппаратура  алгара. Уи усҟантәи аамҭазы акырӡа аҵанакуан. Аибашьраан зегь ажәабжь иашақәа ирзыԥшын. Хәыҷи-дуи ателербагақәа ирыдтәалан иҳаҳарызеишь ҳәа. Сгәы иаанагоит аԥсуа жәларгьы абарҭ аҷкәынцәа ҭабуп ҳәа рарҳәар иаԥсоуп ҳәа", — лҳәоит Фатима Қәҭелиаԥҳа.

Абиографиатә салон аартра аидеиа цәырҵит Зураб Ачба ихьӡ зху ацентр "Ақәымчра зцым адунеи" анемец ҭоурыхдырыҩ Андре Земсков-Циуге еицымҩаԥыргоз апроект "Историческая память людей" аан.

Ажәабжьқәа зегьы
0