Владислав Арӡынба Голландиа инхо ҳауаажәлар рԥылараан ииҳәаз ажәа

© Фото : Официальный сайт Первого Президента Республики АбхазияВладислав Григорьевич Ардзинба. Архивное фото.
Владислав Григорьевич Ардзинба. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1994 шықәса рзы, усҟантәи аамҭазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Голландиа дыҟан. Имҩаԥысит уа инхо ҳџьынџьуааи иареи реиқәшәара.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

1994 шықәса рзы, усҟантәи аамҭазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс иҟаз, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Голландиа дыҟан. Имҩаԥысит уа инхо ҳџьынџьуааи иареи  реиқәшәара. Шәааи, даҽазныкгьы ҳазхьаԥшып уи аамҭа, иаҳгәалаҳаршәап усҟантәи аҭоурых ашьҭа.

© Фото : Архивтә фотоВладислав Арӡынба Голландиа иаҭаара, 1994 шықәса
Владислав Арӡынба Голландиа иаҭаара, 1994 шықәса - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба Голландиа иаҭаара, 1994 шықәса

"Ажәа мыцхәы шәасыршьӡом, сашьцәа шәхаҵкы! Шәааи,ҭаацәашәала хаицәажәап шәареи сареи. Аиҳабацәа шәаатәа, шәшьапы шәхымгылан.  Даара сгәы иахәеит ҳаиқәшәара. Шәара аҳәаанырцә шәынхоит. Аԥсуа ҵасла шәысԥылеит, шәчеиџьыка шәнапы иқәыргыланы. Даара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Голландиа аԥсуаа шәмаҷҩымкәа шәыҟоуп. Иубаратәы иҟоуп шәҽеидкыланы шәшыҟоу. Уи сара даараӡа сеигәырӷьеит. Иахьатәи ҳаиқәшәарагьы агәахәа алысхуеит.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥыза иажәа: Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә иааз аделегациа ираиҳәаз

Еилкаауп, аамҭак убас иҟан, ҳара ҳаибабара даараӡа ианыуадаҩыз. Шәара уахь шәнарышьҭуамызт, ҳаргьы арахь ҳаарышьҭуамызт. Ацара-аара уадаҩын, ҳазҭахымыз рацәан. Аха, аамҭа аҽаԥсахит. Уажәы еиҳа ҳаибабарагьы рацәахеит. Амшын Еиқәа ала уахь шәнеиуазар, ишәԥырхагоу акгьы ыҟаӡам. Бзиала шәаабеит-ҳәа шәаҳҳәоит. Аԥсны шәара шәыҩноуп.  Шәыдгьыл ыҟоуп, шәашьцәа, шәҭынхацәа, шәыуаажәлар ыҟоуп. Нхара ҳәа шәнеир даара ҳаигәырӷьоит.

Ара иныҟәыжәго шәаԥсуара збеит. Аиҳаби аиҵби реихаҵгылара, раҳаҭыреиқәҵара даара иӷәӷәоуп.  Ҳаԥсуа ҵасқәа шәмырӡӡеит, еиқәшәырхеит. Аҩныҟа, Аԥсныҟа снеир, сыуаажәлар ирасҳәоит  избаз-исаҳаз сшеигәырӷьаз.

Ажәларқәа атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны иҟоу рацәоуп. Дарбан милаҭзаалак, иара ихаҿы имазароуп. Итрадициақәа, ифатә-ижәтә, ичеиџьыка, икультура  уҳәа. Уи аԥсуа еснагь иман, ари нахысгьы иҳахьчалароуп. Адернеқьқәа, акультуратә центрқәа аус ду шыҟарҵо сара издыруеит. Издыруеит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, шәыбжьы шшәыргаз, адемонстрациақәа шыҟашәҵоз, Америка ацҳаражәҳәарҭахь шәышцоз.

Саашәыкәыхшоуп шәызегьы! Сара, ажәа амцхә шәасыршьырц сҭахым.  Шәызегьы гәык-ԥсык ала шәгәыдыскылар сҭахыуп.  Хәыҷгьы-дугьы абзиарақәа шәзеиӷьасшьар сҭахыуп. Шәыпату, шәынамыс схы иқәуп, саашәыкәыхшоуп. Шәшьапы шәыхгылоуп сеиҳабацәа, шәаԥхьа аҭамзаара шьҭасҵоит. Ҳнеибартәақәар, иҵегьы ҳаицәажәап. Аԥсуа бираҟ зну асахьақәа шәзаазгеит, ҳамҭас аҿар ирысҭарц сҭахыуп. Аԥсныҟа шәнеира ҳазыԥшуп, ижәдыруаз!

Ҭырқәтәыла саныҟаз сыхәмаршәа ус сҳәеит: Ҳадгьыл ԥыҭк ҳара иҳахьчеит, уажәшьҭа шәара шәца Аԥсныҟа, шәара шәнапы ианаҳҵоит, шәара ишәыхьча ҳәа. Еилкаауп, ҳаԥсадгьыл ҳахьчеит. Аиааирагьы ҳгеит. Уи шәареи ҳареи ҳзеиԥш иааироуп. Убри еицаҳахьчароуп аԥхьаҟагьы, уаҳагьы ԥсыхәа ҳамам. Аибашьраҿы иҳамаз аидгылара аҩыза ҳамазароуп  иахьагьы. Ҳаԥхьа ишьҭоу амҩа даараӡа иуадаҩуп. Зегь мариоуп, зегь бзиоуп ҳәа шәасҳәар, шәызжьар ҟалоит. Ҳара ҳгәыӷуеит, ҳгәы ӷәӷәангьы ҳаҟоуп аԥхьаҟа зегьы шыбзиахо.

Иҭабуп даараӡа, шәхаҵкы сцеит, саашәыкәыхшоуп. Аҿар, шәара зегь реиҳа сшәықәгәыӷуеит, абааԥсы! Аҭаацәара Аԥсны шәалалароуп, убра шәеизҳароуп! Сгәы шьҭышәхит даара. Агәалаҟара бзиа сыманы схынҳәуеит Аԥсныҟа!"

Владислав Арӡынба

Ажәабжьқәа зегьы
0