Баҭал Ҳагәышь: аԥсуа бызшәа еснагь иамшзар ауп

© Sputnik, Бадраҟ АҩӡбаБаҭал Хагәышь.
Баҭал Хагәышь. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Баҭал Хагәышь игәаанагарала, абызшәа арҿира аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҭахуп.

АҞӘА, жьҭаара 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абызшәа амш азгәаҭара иалагеит Аԥсны ақырҭқәа ахаԥаны ианыҟаз аамҭазы, иахьа уи иалкааны азгәаҭара аҭахым, абызшәа еснагь иамшзар ауп,  иҳәеит Аԥснытәи аҳынҭқарратә университет аԥсуа бызшәа акафедра аиҳабы Баҭал Ҳагәышь.

Проект Комитета по делам молодежи Аҿар, аԥсышәала шәцәажәала! - Sputnik Аҧсны
Апроект ҷыда Аԥсуа бызшәа амш иазкны

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡа абызшәа амш аофициалла иазгәарҭомызт, уи амҩаԥгара хықәкыс иаман ақырҭқәа даҽазныкгьы деилыркаара аԥсуа жәлар зхатәы бызшәа беиа змоу жәларны ишыҟоу.

"Сара Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет сҭалеит 1980 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны аԥсуа бызшәа амш мҩаԥаагон. Абызшәа амш есышықәса март 4 аҽны иазгәаҳҭон, аха ҳара аиҳарак хьаас иҳамаз Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара акәӡамызт, ақырҭқәа иахьырбоз ҳбызшәала ӡыраҳгар ҳҭахын", — ациҵеит уи. 

Акафедра аиҳабы игәаанагара ала, аԥсуа бызшәа амш ҳәа ҽнак алкаара аҭахым, уи арҿиара аус арцыхцыхра ауп иаҭаху.

"Иахьа ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳаманы ҳаныҟала, аԥсуа бызшәа амш ҳәа амҩаԥгара аҭахым ҳәа исыԥхьаӡоит. Есымша ҳбызшәа иадҳәалазар ауп, еснагь ҳбызшәа иазкызар ауп, ҳбызшәала ҳцәажәозалар ауп", — азгәеиҭеит уи.  

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, аԥсуа бызшәа азҵаара аӡбара аус аҿы ацхыраара ҟанаҵар ауп аҳәынҭқарра ахадара.

"Аҳәынҭқар ианиҭахха, зегь ҟаиҵоит, ианиҭахымха акгьы узыҟаҵаӡом. Уи аганахь ала ацхыраара ыҟаӡам аҳәынҭқарра аганахь ала", — ациҵеит уи.

Баҭал Хагәышь игәаанагарала аԥсуа бызшәа арҿиаразы аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҭахуп.

"Иҟаҵатәуп хҩык иреиҵамкәа агәыԥ апрезидент иганаҿ итәоу, ахылаԥшра ҟазҵо. Аҳәынҭқарра ахада иҿы аиԥылара ҳаман ари азҵаара иазку, аха уи аахыс шьаҿак ԥхьаҟа иаҳзыҟамҵеит. Уа инеиуа ауниверситет, аинститут аҿы аус зуқәо аԥсуа бызшәа ахархәашьа иахылаԥшуазар ауп", — иҳәеит уи.

Абызшәа акафедра аиҳабы иазгәеиҭеит абызшәа иазку аҳәынҭқарратә закәан иахьа уажәраанӡагьы аусура ҳәаақәызҵо амаругақәа шамам.

"Аҳәынҭқарратә бызшәа аус ауратәы аҭагылазаашьа аԥҵатәуп. Уи азы аҳәынҭқар аԥара азоуижьыр ауп", — иҳәеит уи. 

Аҵарауаҩ агәра ганы дыҟоуп аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан аусура иалагарц азы Аԥсны ақалақьқәа рҟны уи зҵар зҭаху зегь рзы хәыда-ԥсадатәи акурсқәа ыҟазар ауп. 

Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан Аԥсны жәлар реизара иаднакылеит 2007 шықәсазы. 

© Sputnik Леон ГунияАԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0