Аҳақьым-алаборант: апациентцәа аӡәырҩы агәыр иацәшәоит

© Sputnik / Илона ХварцкияСаида Палба.
Саида Палба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳара иааҳакәыршан иҟоуп азҩаҿкқәа рацәаӡаны. Урҭ есыҽны ирҿагылоуп аҳақьымцәа. Азанааҭ аҷыда ҟазшьақәа ҳкорреспондент изеиҭалҳәеит аҳақьым-алаборант Саида Палԥҳа.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Саид Барганџьиа.

"Сара ашьыжь, асааҭ фба рзы сгыланы амшын ахь сцоит. Сҽаакәабаны аҩныҟа схынҳәуеит. Асааҭ жәба рзы сусураҟны сыҟоуп", — абас иалагоит аҳақьым Саида Палԥҳа лымш.

Асааҭ жәба рзы иалагоит официалла аусуратә мшы. СПИД-и азҩаҿкытә чымазарақәеи раԥырҟәҟәаарази ирҿагыланы ақәԥарази ареспубликатә центр аусурамш хацнаркуеит. Ахалаҭ шкәакәақәа зшәу ауаа  анахь-арахь иццакы-ццакуеит. Зегь русқәа нап рыларкуеит.

"Аусурамш алагамҭаз аамҭак ҳаур, ҳҽааизган акаҳуа аажәуеит ҳусқәагьы ҳрылацәажәоит", — еиҭалҳәоит Саида.

Ахалаҭ шкәакәақәа, агәырқәа, ашьа – абарҭ зегь еицырдыруа амедицинатә усҳәарҭа афыҩ ҷыдоуп. 14 шықәса ҵуеит абарҭ зегьы Саида лыԥсҭазаараҿы иҟоижьҭеи.

© Sputnik / Илона ХварцкияПробирки.
Пробирки. - Sputnik Аҧсны
Пробирки.

"Асааҭ жәаба рыбжа шыҟоу ааира иалагоит апациентцәа. Урҭ реиҳарак арахь иаазышьҭуа аҳақьымцәа роуп, аха иҟоуп зхала иааиуагьы. Ҳара аӡәгьы даҳхәышәтәӡом, ҳара анализқәа роуп иҟаҳҵо».

СПИД азы ареспубликатә центр европатәи астандартқәа инарықәыршәаны аус ауеит.

"Ҳаамҭазтәи атехнологиақәа иалдыршоит  иумырхьӡакәа ашьа агара. Ари апроцедура ирацәаҩуп иацәшәо. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳпациентцәагьы ҳаргьы  ҳшәарҭадаразы".

Анализқәа ргара ҳаамҭазтәи аметодқәа шшәарҭадоугьы иҟоуп агәыр збар ззымычҳауа. Иҟоуп зыԥсы маҷхогьы.

"Иҟалалоит аԥсмаҷрақәагьы. Аиҳарак аҷкәынцәа, ахацәа. Уихәаԥшыр ахаҵа замана, игәы бзиоуп ихы бзиоуп иԥшрала.  Аԥхьа ишәара ҵәахны днатәоит, насоуп иԥсы анмаҷхо".

Саида Палԥҳа еиҭалҳәоит ауаҩы унаихәаԥшыр иаразнак ишудыруа дшәо дымшәо.

"Иацәажәара, џьара акы иахьырԥшра уалагароуп иҟоу изеилымкаарц", — лҳәоит лара.

Саида даныхәыҷыз инаркны диуристхар лҭахын, аха аԥсҭазаара иара атәы ҟанаҵеит. 1992 шықәса рзы далгеит Аҟәатәи ажәабатәи ашкол. Иара убри ашықәс азы иалагеит аибашьра. Ирацәаҩуп уи зыԥсҭазаарақәа, злахьынҵақәа аԥсахыз.

17 шықәса  лхыҵуан Саида Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны  аусура даналагаз.

"Сара есыҽны избон ахәцәа шааргоз. Асанитарԥҳәыс лус аасҭа амедикцәа ацхыраара рысҭон. Ахәцәа анырацәаз уаҳа ԥсыхәа амамызт. Сгәы иаанагоит абри аҭагылазаашьоуп ҳәа амедицинахь скылызгаз. Сара сыԥсҭазаара аҽакала ишьақәгылап ҳәа сазхәыцуан… Сусура бзиа избоит».

Саида лусура атәы анеиҭалҳәо лылақәа аԥхарра рхылоит, илбоит илҳәо зегь шымцым.

Иарбанызаалак азанааҭ иацуп ауадаҩрақәа. Аҳақьым изанааҭгьы уи хымԥада иамҩанызоуп.

"Зегь раасҭа иуадаҩуп апациент ихьуа иаҳәара. Иҟоуп иуҳәо цқьа иззеилымкаауагьы. Иҟоуп  алабараториа аусура иашам ҳәа изыԥхьаӡо".

Аҳақьым-лаборант илҳәеит анализқәа рылкаақәа ҟауҵарц азы аетапқәа маҷымкәа ишырхыстәу.

"Зегь раасҭа угәы ухьуеит  ичмазаҩу ахәыҷқәа ранализқәа анубо. Иҟоуп азҩаҿкы зыцизгьы", — лҳәоит лара.

Сада Палԥҳа еиҭалҳәеит аамҭа анлымоу аныҟәара бзиа ишылбо. Лара лхы рылалырхәуеит еиуеиԥшым аконференциақәа, Аԥсны ахьӡала дықәгылоит.

"Абра аус зуеижьҭеи 14 шықәса ҵуеит аха зныкгьы сусура нсыжьып ҳәа сгәы иаанамгац. Иҟан аҽа усурак ансыдыргалозгьы. Сара аԥарарҳаразы аус зуам, аҳәынҭқарра иахәоугьы ак ҟасҵар сҭахуп", — лҳәеит лара.

Лара иара убасгьы иазгәалҭеит Аԥсны ишмаҷу абри ахырхарҭала азанааҭуаа.

"Ибзианы исгәалашәоит раԥхьатәи спациентцәа. урҭ еиҳагьы исгәалашәоит шықәсык аԥхьа иааиз раасҭа".

Саида лҟазара инырит ҳкорреспондентгьы. Ила хҩаны дақәшаҳаҭхеит  идаҟынтәи ашьа лгарц. Ииашаҵәҟьаны зынӡаск имыхьӡеит, ишьа анилылхызгьы имбеит.

© Sputnik / Илона ХварцкияЛаборант.
Лаборант. - Sputnik Аҧсны
Лаборант.


Ажәабжьқәа зегьы
0