Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит "Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" Азакәан

© Sputnik Томас ТхайцукМорской порт.
Морской порт. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҷыдоу аекономикатә зона, азакәан инақәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахәҭак аҵанакуеит. Уи ахәҭа ҳәаақәиҵоит атәыла Ахада. Иараҟны имҩаԥгахалоит зымҩаԥгара арежим ҷыда амоу анаплакытә усурақәа, иара убасгьы ахархәара амоуп зых иақәиҭу аҳазалхратә зона аҳазалхратә процедурақәа.

АҞӘА, жьҭаара 29,  Sputnik. Атәыла  аекономика аизҳараз аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, атранспорттә усхк ахь (амшынтәи, аихамҩатә, аҳаиртә, автомабилтә), атуризм аусхк ахь, жәларбжьаратәи ахәаахәҭра аусхк ахь уҳәа аусхкқәа рахь аҳәаанырцәтәи аинвестициақәа радыԥхьаларазы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит "Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" Азакәан. Абри атәы аанацҳауеит  Ахада иофициалтә саит.

Иҷыдоу аекономикатә зона, азакәан инақәыршәаны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл ахәҭак аҵанакуеит. Уи ахәҭа ҳәаақәиҵоит атәыла Ахада. Иараҟны имҩаԥгахалоит зымҩаԥгара арежим ҷыда амоу анаплакытә усурақәа, иара убасгьы ахархәара амоуп зых иақәиҭу  аҳазалхратә зона аҳазалхратә процедурақәа.

"Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы" Азакәан рыдкылан Апарламент аҟны жьҭаара 9 рзы, ахԥатәи аԥхьарала.

Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иалшоит иаԥҵазарц ааглыхратә, атехникатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә економикатә зона ҷыдақәа.

Дара раԥҵара хықәкны иамоуп ахатәы капитал ааԥхьареи иара амилаҭтә економика алархәреи.

Азакәан инақәыршәаны Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иалшоит иаԥҵазарц ааглыхратә, атехникатә, атурист-рекреациатә, абаӷәазатә економикатә зона ҷыдақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0