Аекологиаз аҳәынҭеилакы: аԥсыӡ антоԥуа акра ҟалаӡом

© Sputnik Роберт ДжопуаГИМС.
ГИМС. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аӡиасқәа рҟны аԥсыӡ акра ҟалаӡом ҳазҭоу ашықәс жьҭаара 23 инаркны абҵара 30 рҟынӡа.

АҞӘА, жьҭаара 29, Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсыӡ антоԥуа акра ҟалаӡом, убри инадҳәаланы Аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы Аԥсны аӡиасқәа рҟны  аԥсыӡ акра ҟалом ҳәа ишьақәнаргылеит иҳәеит  аусбарҭа аексперт-еколог Џьамал Дбар.

"Ҳара аамҭа-аамҭала ареидқәа мҩаԥаагалоит, изакәанымкәа аԥсыӡ зкуа раарԥшразы. Асеиԥш иҟоу адҵақәҵақәа рыдыркылоит аԥсыӡ антоԥуа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Дбар иара убасгьы иҳәеит  уи аус  Аекологиеи аԥсабарахархәареи рзы Аҳәынҭеилакы аҟны иҟоу аҟәша ишымҩаԥнаго.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсыӡ атоԥраан акра иара ақәӡаара ишазырхоу.

Аԥснытәи аӡиасқәа рҟны аԥсыӡ акра ҟалаӡом ҳазҭоу ашықәс жьҭаара 23 инаркны абҵара 30 рҟынӡа ҳәа ишьақәыргылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0