Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит

© Фото : Астудентцәа иаарышьҭызСтуденты В Турции
Студенты В Турции - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Есқьишьеҳир имҩаԥгаз астудентцәеи ҳџьынџьуааи злахәыз аиԥылара аибадырратә ҟазшьа аман.

АҞӘА, абҵара 2 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы,  Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь, аԥсуаа ркультуратә клуб аҟны еиҿкаан  Аԥснынтә Ҭырқәтәыла иреиҳау  аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи реиԥылара. Уи хацыркын астудентцәа рхаԥшьгарала.  

Ари аус адгылареи ацхыраареи арҭеит  Есқьишьеҳиртәи аԥсуаа ркультуратә хеидкыла, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны". Аизарахь инеит Сҭампыл, Сақариа, Измир, Есқьишьеҳир аҵара зҵо Аԥснытәи астудентцәа. 

"Аԥхынра, аԥсшьара мшқәа рзы  Аԥсны ҳаныҟаз, Сонер Гогәуа ибзоурала еиҿкаан, Ҭырқәтәыла аҵара зҵо  астудентцәа Реидгыла.  Уи алахәцәа ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит  ҳҿаԥхьа иқәгылоу аиҿкааратә уснагӡатәқәа. Аҵарашықәс иалагӡаны, ари аҩбатәи еиԥылароуп имҩаԥаҳго. Актәи аизара мҩаԥган Сҭампыл ақалақь аҟны. " — ҳәа азгәалҭеит  Есқьишьеҳир ақалақь  Османгази ауниверситет амагистратура иҭоу Енџьы Патараиа. 

Уи ҷыдала иҭабуп ҳәа ралҳәеит, Есқьишьеҳир ақалақь акультуратә клуб анапхгаҩы Ҭургаи Ашәба, уи алахәцәа  Ерсын Аргәын, Нураи  Маршьан, иара убас, астудентцәа еснагь ацхыраареи адгылареи рызҭо Сонер Гогәуа, ирзеиҿыркааз аинтерес ду змаз, ихаҭәааз апрограмма азы.

Есқьишьеҳир имҩаԥгаз астудентцәеи ҳџьынџьуааи злахәыз аиԥылара аибадырратә ҟазшьа аман. Астудентцәа алшара рыман, уа инхо аԥсуа ҭаацәарақәа рҭаара, дара рҿы аанкылара. Идырбан аҭоурыхтә ҭыԥ ԥшӡарақәа.

"Ас еиԥш иҟоу аиԥылара даара агәаҳәа ҳнаҭеит  Есқьишьеҳир инхо аԥсуаа. Хымԥада, аԥхьаҟа иҵегьы иацаҳҵоит. Ҳаԥсуара ҳцәымӡааит ҳахьыҟазаалак.   Ҳзықәгәыӷуа аҿар  ҳамоуп" — иҳәеит Есқьишьеҳир ақалақь аԥсуаа ркультуратә клуб анапхгаҩы Ҭургаи Ашәба. 

Абасала, агәырӷьареи, аибадырреи, агәаларшәагатә ҟазшьеи змаз аиԥылара қәҿиарала имҩаԥысит.

© Астудентцәа иаарышьҭызАԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит
Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит - Sputnik Аҧсны
Аԥснынтә Ҭырқәтәыла аҵара зҵо астудентцәеи ҳџьынџьуааи еиԥылеит


Ажәабжьқәа зегьы
0