00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Такие обстоятельства
14:04
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:07
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Торчуа: Гәылрыԥшь аҵарашықәс алҵшәақәа ртәы
18:17
3 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Тҟәарчалтәи аколлеџь сынтәатәи ашықәс азы алҵшәақәа
18:20
14 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Команда "Нарты из Абхазии" выступят вновь
18:55
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ҳаџьымба: аҭакра акәӡам, аԥара архынҳәроуп ихадоу

© Sputnik / Томас ТхайцукВстреча президента с общественной палатой.
Встреча президента с общественной палатой. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афинанстә еилагарақәа зыхҟьаз ауаа ирдыруазароуп аҳәынҭқарратә ԥарақәа рырхынҳәра шахәҭоу иҳәеит атәыла Ахада.

АҞӘА, абҵара, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Ахылаԥшратә палата иаанарԥшыз афинанстә еилагарақәа рзы аматериалқәа Апрокуратура хадахьы инашьҭхоит иҳәеит Ауаажәларратә палатаҟны аиԥылараан Рауль Ҳаџьымба.

"Ауаа зегьы ҭаҳкроуп ҳәа ҳҳәаӡом. Иаҳҭаху акы заҵәык ауп – ауаа еилыркаароуп аҳәынҭқарратә ԥарақәа шырхынҳәтәу", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Ари аӡәырҩы рзы урокны иҟалароуп ԥхьаҟагьы усеиԥш ҟамларцаз иҳәеит Ахада.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла Ахылаԥшратә палата агәаҭарақәа мҩаԥнагеит  иара ахаԥшьгаралеи атәыла анапхгара рыҳәаралеи.

Ҳаџьымба атәыла аполитикатә мчрақәа зегьы аиҿцәажәара иадиԥхьалоит

"Алҵшәақәа убартә иҟоуп. Ҳара РУПқәеи МУПқәеи аԥаҳҵеит, урҭ рхадацәа арҭ анаплакқәа рхатәыртәит, ишырҭахыз еиԥш ирызныҟәон", — иҳәеит иара.

Арҭ анаплакқәа рнапхгаҩцәа рнапы иакыз зегьы дара ишырҭахыз еиԥш ирызныҟәон ҳәа ациҵеит атәыла анапхгаҩы.

"Амыругақәа рыбжак ҭииуп, аусбарҭақәа рҵакырадгьылқәа ракәзар дара рхы иадмырхәозар қьырала ирҭиуан. Абарҭ апроцессқәа ирылахәу зегьы ахашәала роуеит, иара убри аан акгьы змауаз аҳәынҭқарра заҵәык ауп", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Ахара зду рполитикатә позициа иахьырԥшымкәа аҭакԥхықәра рыдлоит ҳәа агәра диргеит атәыла Ахада еизаз.

"Араҟа иарбанызаалак аполитикатә план ахьырԥшра залшом. Апрокуратура алкаақәа дара русура ахаҭабзиара иахылҵуеит. Ахаара зду зегьы ахьырхәхоит", —  ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.

Ахадеи Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәеи аиԥылара рыман Аҟәа, аҩаша. Иараҟны ирылацәажәан аполитикатәи асоциал-економикатәи зҵаарақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0