АҞӘА, абҵара 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абзиабаратә жәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" аӡыргара мҩаԥысит ахаша, абҵара 4, Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аҳәынҭқарратә еилакы ахыбраҿы.
Аизга аӡыргарахь имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, апоетцәа, аҵарауаа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәеи астудентцәеи, ашколхәыҷқәа, апоезиа абзиабаҩцәа.
"Зегьы ишәыдаҳныҳәалоит ҳаԥсуа сахьаркыратә литератураҿы иреиӷьӡоу абзиабаратә жәеинраалақәа џьарак еизакны изнылаз ашәҟәы аҭыҵра. Иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп аизга аиқәыршәараҿ аџьабаа збаз сколлегацәа Альбина Анқәабԥҳаи Дмитри Габелиеи", — иҳәеит ашәҟәы аредактор, апоет Анатоли Лагәлаа.
Аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылылеит апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи, урҭ абзиабаратә жәеинраалақәа ирыԥхьеит.
"Абри ашәҟәы даара ибзианы иҟарҵеит. Абзиабаратә жәеинраалақәа, ажәа аҟазара аҿы зегь раԥхьаӡа игылоу жанруп", — азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.
Ашәҟәы аӡыргара иалахәын иара убас, акомпозитор, ашәаҳәаҩ Кәасҭа Ченгелиа, ашәаҳәаҩцәа Анатоли Алҭеибеи Ильда Кәычбериаԥҳаи, урҭ алирикатә ашәақәа нарыгӡеит.
Аизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" еиднакылоит Дырмит Гәлиа иаахыс иахьатәи апоетцәа рҟынӡа иреиӷьу рлирикатә жәеинраалақәа. Зынӡа ашәҟәы ианылеит 75-ҩык апоетцәа рҩымҭақәа.
"Ҳара ҳгәы иаанагоит абри ашәҟәы иану ажәеинраалақәа рҟынтә шәгәы иақәшәаша, шәзыԥхьаша жәеинраалак алшәыԥшаап ҳәа", — лҳәеит аизга аҭыжьра аидиа зтәу ажурнал "Алашара" амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа.
Ашәҟәы аӡыргараҿы иқәгыланы, абзиабаратә жәеинраалақәа ирыԥхьеит ашколхәыҷқәа.
Аизга еиқәдыршәеит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа, уи амаӡаныҟәгаҩ Альбина Анқәабԥҳа, ажурнал апоезиа аҟәша аиҳабы Дмитри Габелиа.
Ашәҟәы аиқәыршәара аус хацыркын 2013 шықәсазы. Ажәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит…" ҭыҵит 300 цыра атираж аманы.