Афильм "Софичка" аҵыхәтәантәи амш аҭыхра хыркәшахеит

© Sputnik / Илона ХварцкияСъемки х/ф "Софичка".
Съемки х/ф Софичка. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иповест "Софичка" иалхны афильм ҭырхуан Аԥсны мызкы инеиҳаны.

АҞӘА, абҵара 5, Sputnik, Наала Аҩӡыԥҳа. Фазиль Искандер иповест "Софичка" иалхны афильм аҭыхрақәа хыркәшахеит абҵара 5 рзы.

Афильм авторцәа иазыԥхьагәаҭаз аамҭа рыҽҭарыгӡеит ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Александр Сокуров ифонд "Пример интонации" акоординатор Маргарита Афонина. Лара лажәақәа рыла аҭыхратә гәыԥ аусура хыркәшаны уаҵәы Урыстәылаҟа игьыжьуеит.

Аҽазыҟаҵаратә етап аан "Софичка" авторцәа ауадаҩрақәа рыман 1940-тәи ашықәсқәа инадыркны 1970-тәи ашықәсқәа рҟынӡа рхы иадырхәоз ареквизити, амаҭәеи, аҩнымаҭәеи рганахьала. Аҵыхәтәаны дара ирылдыршеит урҭ зегьы реизгара, усҟантәи аамҭа ашьақәыргыларазы.

© Sputnik / Илона ХварцкияСъемки х/ф "Софичка".
Съемки х/ф Софичка. - Sputnik Аҧсны
Съемки х/ф "Софичка".

"Ҳара даара иҳацхрааит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Акостиуми ареквизити рзы ҳассистент амузеи аҟны драцәажәеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Маргарита афонина.

Афильм асахьаҭыхыҩ-адекоратор Амиран Инаԥшьба Алада Ешыра ақыҭан иԥшааит 40-тәи ашықәсқәа рзы иҭыжьыз автомашьына "Москвич".

"Нхаҩык иҟны агараж аҟны иҭагылан. Ианҳаҳа ҳизнеиит, иаҳҳәеит афильм аҭыхразы ишаҳҭахыз. Амашьына аремонт азуны, аусура иалаҳаргеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Амиран.

Актиорцәа рыԥшаараан ихадараны иҟан аԥсшәа адырра.

"Артистцәа зегьы аԥсшәа рдыруеит. Аӡәы еиӷьны, аӡәы еицәаны. Акино аԥсышәала иҭҳажьуеит. Ари аԥсыуа ҭоурыхуп", — лҳәеит Афонина.

Афильм аҭыхрақәа рышьҭахь амонтаж ҟарҵоит, нас абжьы ахарҵоит. Аԥсны аусурақәа зегьы абҵара 5 рзы ихыркәшахоит.

"Аԥсны тәыла хазыноуп. Араҟа зегьы угәаԥхоит. Ҳара раԥхьаӡа акәны арахь ҳааит. Зегьы ацхыраара ду ҳарҭеит", — ҳәа лҳәоит Маргарита Афонина.

Афильм аҭыхрақәа мызкы инарыцны ицон. Аҭыхратә гәыԥ аус ауан  Аҳәынҭкино афинанстә цхыраара ала, "Ленфильм" аус ацурала. Аусурақәа хыркәшахоит 2016 шықәса рзы. Афильм режиссиорс дамоуп Кира Коваленко.

© Sputnik / Илона ХварцкияСъемки х/ф "Софичка".
1/3
Съемки х/ф "Софичка".
© Sputnik / Илона ХварцкияСъемки х/ф "Софичка".
Съемки х/ф Софичка. - Sputnik Аҧсны
2/3
Съемки х/ф "Софичка".
© Sputnik / Илона ХварцкияСъемки х/ф "Софичка".
3/3
Съемки х/ф "Софичка".
1/3
Съемки х/ф "Софичка".
2/3
Съемки х/ф "Софичка".
3/3
Съемки х/ф "Софичка".


Ажәабжьқәа зегьы
0