Апоинтер Дик ашәарацара иацнаҵоит

Анапаҵаҩра
Аԥстәқәа лассы-лассы ичмазаҩхоит. Ауаа ирыхьуа уарҳәозар, дара - зцәажәом, акгьы рызҳәом. Абри аамҭазы урҭ рыцхраара зылшоны иҟоу арахә рҳақьымцәа, аветеренарцъа заҵәык роуп. Sputnik aкорреспондент даҭааит аветеренартә клиника.

Аветеренар Мариа Савинкова ҳкорреспондент  изеиҭалҳәеит  лзанааҭ шалылхыз атәи ари азанааҭ алызхырц зылшо аԥстәқәа акрырҿазҵо, ирхылаԥшуа, изхәышәтәуа, атәым хьаа згәы знархьуа шракәу.

Лара иазгәалҭоит ари азанааҭ азыҟаҵара бзиа шаҭаху.

"Ари азанааҭ уи адагьы аҵара бзиа аҭахуп. Абиологиа уазҟазазароуп. Заԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу  аиҳабыратә классқәа рҟны  ахимиеи абиологиеи рыбзиабара илалароуп. Ашкол ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭаҟны акәзаргьы хәышықәса аҵара уҵароуп, аџьабаа убароуп. Анатомиа, афизиологиа, атерапиа, ахирургиа – ирацәоуп зыҭҵаара аҭахны иҟоу. Аҵара ашьҭахь аԥстәқәа аус рыдууло уаныҟалалак ашьҭахь ауп уҟазоуп ҳәа ухы иазуҳәар анауа", — лҳәоит Мариа Савинкова.

Савинкова лажәақәа рыла уаанӡа аклиникахь еиҳарак иааргоз алақәа ракәын, урҭгьы шәарыцалақәан.

"Ауаа ирыздырам аԥстәқәагьы иреиҷаҳаны акыршырҵатәалу. Уажәшьҭа аҽакала рызнеира иалагеит. Еилыркаауа иалагеит аԥстәқәагьы дасу рхатәы фатә рымазар шакәу – рызҳаразы, ргәабзиаразы", — лҳәоит аветеренар.

Мариа Савенкова иазгәалҭоит ашәарыцара аамҭазы арахь ишаарго ашәарыцараҟны ааха зауз алақәа. Иара убасгьы аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ирацәахеит ачыраҿыцқәа змоу аԥстәқәа. Ачыра ԥҟарыла иқәаагоит ҳәа лҳәоит лара.

Зегьы иргәалашәалароуп зыԥсы ҭоу аҿаԥхьа аҭакԥхықәра шыҟоу. Уи шыхәмаргам. Зыԥсы ҭоу акрафароуп, иныҟәароуп, икәабатәуп, ирныҟәатәуп. Иарбанызаалак ԥстәык ма ԥсаатәк ааӡара ижәгозар, аԥхьа, иҟашәҵо цқьа шәазхәыцны, ишәаны-изаны иҟашәҵа ҳәа рабжьылгоит аветеренар.

Иҵегь инарҭбааны Мариа Савникова линтервиу: аԥстәқәа, аԥсаатәқәа бзиа иумбозар урҭ узыхәышәтәуам>>

© Sputnik / Илона ХварцкияАветеренартә клиникахь иааргеит апоинтер – Дик. Иара аныҟәара иаԥырхаган ашьҭахьтәи ашьапы иаиуз ачыра
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
1/15
Аветеренартә клиникахь иааргеит апоинтер – Дик. Иара аныҟәара иаԥырхаган ашьҭахьтәи ашьапы иаиуз ачыра
© Sputnik / Илона ХварцкияАветеренарцәа ачыра ԥҟатәуп рҳәеит. Дик аиԥш иара аԥшәмагьы ашәара имоуп, игәы хыҭ-хыҭуеит
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
2/15
Аветеренарцәа ачыра ԥҟатәуп рҳәеит. Дик аиԥш иара аԥшәмагьы ашәара имоуп, игәы хыҭ-хыҭуеит
© Sputnik / Илона ХварцкияДик аоперациа иаздырхиоит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
3/15
Дик аоперациа иаздырхиоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАветклиника аусзуҩцәа аоперациа рҽазыҟарҵоит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
4/15
Аветклиника аусзуҩцәа аоперациа рҽазыҟарҵоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАоперациа амҩаԥгараан аԥшәма ддәылҵырц идырҵеит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
5/15
Аоперациа амҩаԥгараан аԥшәма ддәылҵырц идырҵеит.
© Sputnik / Илона ХварцкияМариа Савинкова иазгәалҭоит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ажьымдырқәа зауа аԥстәқәа шырацәахаз. Урҭ оперативла иамхтәуп. Ашәарыцара аамҭазы иҟоуп ахәрақәа зауа алақәа.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
6/15
Мариа Савинкова иазгәалҭоит аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ажьымдырқәа зауа аԥстәқәа шырацәахаз. Урҭ оперативла иамхтәуп. Ашәарыцара аамҭазы иҟоуп ахәрақәа зауа алақәа.
© Sputnik Илона ХварцкияАоперациа маншәаланы имҩаԥыргеит
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
7/15
Аоперациа маншәаланы имҩаԥыргеит
© Sputnik / Илона ХварцкияАамҭа-аамҭала аклиника аусзуҩцәа рҟазара еиздырҳауеит. Асеминарқәеи афестивальқәеи рахь ицоит, аҿыцрақәа рҵоит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
8/15
Аамҭа-аамҭала аклиника аусзуҩцәа рҟазара еиздырҳауеит. Асеминарқәеи афестивальқәеи рахь ицоит, аҿыцрақәа рҵоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияАклиникаҟны алаҳәаратә ӷәы кыдуп. Уаҟа аԥстәы змоу аинформациа аанрыжьуеит иаазхәарц зҭаху рзы.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
9/15
Аклиникаҟны алаҳәаратә ӷәы кыдуп. Уаҟа аԥстәы змоу аинформациа аанрыжьуеит иаазхәарц зҭаху рзы.
© Sputnik / Илона ХварцкияАветклиникаҟны ирацәоуп зыԥшәмацәа иаанрыжьыз аԥстәқәа, аԥсаатәқәа. Урҭ рыгәҭа иҟоуп апарпаргьы.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
10/15
Аветклиникаҟны ирацәоуп зыԥшәмацәа иаанрыжьыз аԥстәқәа, аԥсаатәқәа. Урҭ рыгәҭа иҟоуп апарпаргьы.
© Sputnik / Илона ХварцкияЗыԥшәмацәа икарыжьыз аԥстәқәа рыгәҭа иҟоуп ирлас-ырласны иуԥымло аԥстәы хкы – ашиншилла.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
11/15
Зыԥшәмацәа икарыжьыз аԥстәқәа рыгәҭа иҟоуп ирлас-ырласны иуԥымло аԥстәы хкы – ашиншилла.
© Sputnik / Илона ХварцкияДики аветклиника аусзуҩцәеи рыԥсы еицыршьоит
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
12/15
Дики аветклиника аусзуҩцәеи рыԥсы еицыршьоит
© Sputnik / Илона ХварцкияИарбанызаалак аоперациа амҩаԥысшьа ашәҟә ҷыда ианырҵоит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
13/15
Иарбанызаалак аоперациа амҩаԥысшьа ашәҟә ҷыда ианырҵоит.
© Sputnik / Илона ХварцкияҲфырхаҵа Дик ацәа иалҵуеит, арыҩшьыга ашьҭахь
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
14/15
Ҳфырхаҵа Дик ацәа иалҵуеит, арыҩшьыга ашьҭахь
© Sputnik / Илона ХварцкияАоперациа амҩаԥысра гәахәас иҟаҵаны ала аԥшәма аҩныҟа игоит.
Ветеринарная клиника. - Sputnik Аҧсны
15/15
Аоперациа амҩаԥысра гәахәас иҟаҵаны ала аԥшәма аҩныҟа игоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0