Гагратәи амилициа аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи амилициа аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит
Гагратәи амилициа аусзуҩцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилициа аусзуҩцәа рзанааҭ амш ныҳәа аламҭалаз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә усбарҭа аузуҩцәа гәыԥҩык.

ГАГРА, абҵара 7 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Ацәаҳәа ақәгылареи адныҳәаларатә ажәақәеи иреиӷьӡоу аусзуҩцәеи ралкаарала иалагеит Гагратәи араионтә усбарҭаҟны амилициа изанааҭ амш ныҳәа азгәаҭара. Амилициа аусзуҩцәа ирыдиныҳәаларц арахь дааит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба.

"Шәара шәнапы иану аус мариам, аха уеизгьы ишәылшароуп қәнагала ажәлар рымаҵ аура, ԥсыцқьарыла адҵақәа рынагӡара", — иҳәеит аминистр.

Леонид Ӡаԥшьба инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥхынтәи аамҭазы Гагра араион аҟны рхыԥхьаӡала ишацло ацәгьоуцәа. Убри аҟнытә амилициа аусзуҩцәа еиҳа агәҽанҵара рымазароуп. Дара ишахәҭоу еиԥш иаԥырҵароуп аҭыԥантәи анхацәа рзеиԥш ԥсшьра иаауа рзгьы ашәарҭадара.

Аминистр иазгәеиҭеит мышқәак рышьҭахь араионтә усбарҭақәа рҟны акадртә ԥсахрақәа шыҟало. Зуалԥшьақәа ззынамгӡо амилициа аусзуҩцәа русура иамххоит.

Амҩақәа рҟны аиҿкаара ҟаларц азы, аҳәынҭқарратә амҩаҟны Багрыԥшь ақыҭан иаартхоит аҳәынҭқарратә автоинспекица апост. Иара убас Бзыԥҭеи аӡиа Риҵеи реиҩхаақәа рҿы иаартхоит амилициа аҟәшақәа рхатә усзуҩцәа рыманы.

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа аминистр ргәы рҽаниҵеит рус ԥсыцқьарыла иазнеирц.

"Амҩаҟны амашьынақәа раанкылара ҟалом уи азы амзызқәа ыҟамзар. Еиҳарак аҳәаанырцәтәи аномерқәа змоу, иара амандаринақәа ииазго ракәзаргьы. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҳәынҭавтоинспекциа аусуҩцәа гәыԥҩык ирыдаабалахьеит аҟнытә заа шәгәы шәҽанысҵоит", — ҳәа иажәа иациҵеит Леонид Ӡаԥшьба.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә усбарҭа аусзуҩцәа адныҳәалара анрыдыркылоз аҽны, 1-2-3-тәи аҩаӡарақәа змоу амедалқәеи, "Отличник милиции" адыргақәеи аҳаҭыртә бӷьыцқәеи ранашьан гәыԥҩык, иара убас ирыхҵан ачынқәа.

Аҳаҭыртә шәҟәқәеи, аԥаратә ҳамҭақәеи ранашьан акыр шықәса амилициа иазааԥсахьаз аветеранцәа Станислав Ҳагба, Роман Хашба, Иван Липовски, Роман Шармаҭаа, Валери Чагәаа. Иазгәаҭатәуп Гагра араион аҟны ишаԥҵоу аҩнуҵҟатәи аусқәа рветеранцәа Рхеилак, уи ацхыраара анаҭалоит амилициа аусураҿы.

"Амилициа аусураҟны анагӡаратә дисциплина ыҟазароуп, лассы-лассы имҩаԥгалатәуп апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа. Убасҟан ауп ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәареи раарԥшреи акырӡа ианыманшәалахо", — иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рветеран Роман Хашба.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гагратәи араионтә усбарҭа аусзуҩцәа рзанааҭ амш ныҳәа рыдиныҳәалеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Беслан Барцыцгьы.

"Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә мчрақәа ирылшо зегь ҟарҵалоит амилициа аусзуҩцәа рнапы злаку аус аҿы ацхыраара арыҭаразы. Иахьа апроблемақәа маҷымкәа иҟоуп, иаҳдыруеит ишышәзымхо атранспорт, амаҭәа ҷыда, қәнагала кадрла шәеиқәшәам.

Сара сыхәҭакахьала шәара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит аԥхынтәи аамҭа иалагӡаны ижәбаз аџьабаазы", — ҳәа адныҳәалара ҟаҵо иазгәеиҭеит араион ахада.

Амилициа аусзуҩцәа рзанааҭ амш ныҳәа аламҭалаз аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Леонид Ӡаԥшьба раионцԥхьаӡа адныҳәаларақәа ҟаиҵоит.


Ажәабжьқәа зегьы
0